Ихнымҳәыз апоет: Таиф Аџьба игәаларшәаразы

© Foto / из личного архива семьи АджбаПоэт Таиф Аджба
Поэт Таиф Аджба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
27 шықәса ҵуеит апоет Таиф Аџьба хабарда дыбжьаӡны дыҟоижьҭеи. Уи азы лыгәҭахәыцрақәа ҳацеиҩылшоит аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аԥсуаа Гагра ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь, ҳаӷа еиҳагьы дыцхлымуа Аҟәа далалеит.

Жьҭаара 9, 1992 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь Аҳабла ҿыц ҳәа иахьашьҭоу, Дзержински имҩа 23 аҿы инхоз, апоет Таиф Шьаадаҭ- иԥа Аџьба иҩны иакәшеит ақырҭуа гвардееццәа. Таиф игәыла, аԥсуа нџьныр, апатриот Џьота Амыҷба иҩны дыҟан уи амҭазы. Агвардееццәа руаӡәы "сара с-Ӡаӡамиоуп, сашьа Гагра дҭахеит, убри аҟынтә, сашьа ишьа зуроуп" ҳәа агыгшәыг цәаҩа иҭаны, аҩны инхоз аԥсуаа рнырҵәара игәы ишҭаз имӡеит.

Таиф Аджба с супругой Риммой Когония - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иахәхаз аромантик

Аибашьра иалагеижьҭеи уамакгьы ҵуамызт, Аҟәа иалахан иҟаз аԥсуаа Гагра ахы ианақәиҭыртә агәыӷрақәа роуит ҳаԥсадгьыл аӷа дықәнацартә амчқәа шамаз. Уи аамҭазы апоет Таиф Аџьба иныҟәигоз имшынҵаҿы иҩуеит, Аҟәа ахысрақәа шыӷәӷәахаз, Гагра ахақәиҭтәра ашьҭахь ақырҭқәа ргыгшәыгра еиҳагьы аҽшарӷәӷәаз.

Жьҭаара 9 рыҽны, асааҭ ҩба шыҟаз Таиф Аџьба игәылацәа фҩык, Џьота Амыҷбагьы дналаҵаны ақырҭуа гвардееццәа "пазик" захьӡыз рмашьына инақәыртәаны ақалақь аганахь архәара инавалеит. Автобус дәықәлаанӡа Таиф дахьӡеит иӷьаҵәыӷьаҵәуа игылаз саҳәшьа, иара иԥшәма ԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳа "сымшынҵа ҵәахы, бымшәан, ҳаиҭнырыԥсахларц ҳаргозар акәхап" ҳәа лаҳәара. Абарҭ ажәақәа апоет ҟаимаҭ аҵыхәтәантәи иажәақәа роуп.

Иргеит урҭ, гәырӡшашәарӡ рхабар ыҟамкәа. Сгәы иаанагоит Таиф изымԥшааит ҳәа деиқәзырхашаз ажәақәа, аӷа иҿаԥхьа дзымқьақьеит, "Арӡынба Аԥсны ҭеирхоит" ҳәа аԥсуаа ирҿагылоз ажәақәак изҳәазҭгьы, иҟаларын деиқәхаргьы.

Таиф Аџьба аполитика дшаламызгьы, иумбарц залшом игәаӷьыуацәаз ацәаҳәақәа ширҿиоз:

Ҳа ҳиит ахақәиҭраз абраҟа, ҳәарада,-

Ҳҭаӡаҵәҟьом уи автор хаԥыза имацәаз,

Ҳақәԥоит, ҳацәқәырԥоит, ҳаилашуеит еиқәтәарада-

Ҳахьынӡаҟоу (ҳаҟазар?) — ҳаҟоуп абас!

Апоет ирҿиамҭа уанагәылаԥшуа иџьоушьап, усҟантәи асистема аамҭазы абас игәаӷьыуацәаз апатриоттә цәаҳәақәа ркьыԥхьра ахьиқәашьхаз.

Таиф аԥсҭазаара ианысшьа ҳазааҭгылозар, ақырҭуа поетцәа ҽыхьшьырҭас имамызт, Қырҭтәыла иазкны ажәеинраалақәа иҩуамызт, ажәакала, даԥсыуа поетны, ақырҭуа режим иҽаламҟьашьыкәа дыҟан еснагь. "Са исҭахымыз ашәа исзамҭеит аҳәашьа" аҳәоит уи ицәаҳәақәа руак апоет иҟазшьа изамананы ианубаало.

Аибашьра ашьҭахь, раԥхьатәи апрезидент Владислав Арӡынба идҵала иҭыжьыз "Бзиала иаҳзырша!" захьӡыз имшынҵаҿы иануп, апоет Аҟәа инхоз ақырҭуа интеллигенциа ахаангьы рыгәра шимгоз, игәгьы дшамеижьаз аазырԥшуа ажәақәа.

Цәыббра 3 1992 шықәса рзы Таиф имшынҵа ианиҵоит: "Ақырҭуа шәҟәыҩҩцәа телехәаԥшрала рықәгылара гәырхынҳәыган. Аграфоманцәа, афашистцәа, аламысдақәа: И. Квеквескири, Џь Џьанелиӡе, Г. Каландиа, Г. Бераиа, Г. Одишариа. Зегь реиҳа иџьашьатәу (Гәырам-Е.К.) Одишариа иоуп. Аламыс имаз џьыршьон. Сара есқьынагьы гәҩарас исыман урҭ зегь —аԥсуаа ҳахьырбоз рыла ашьа шаауаз. Дыдрыԥшь аныха суҳәоит, ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп, Аԥсны иалачо, аԥсуааи Аԥсни рзы ҽеи зҭахым умчра дырба. Ажәҩан, анцәа ҳазшаз, умчра аарԥшы, аԥсуаа урхылаԥш, Арӡынба уихылаԥш, игәы каумыжьын".

Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны
Лорка илахьынҵа зԥеиԥшыз: Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса ҵит

Иахьа аамҭа анца ашәҟәыҩҩы Гәырам Одишариа Аԥсны даҩызоушәа идырҵәиуа афилософиа шҵаҵӷәыдоу агәра ҳнаргоит Таиф имшынҵа аҟәырҷаха иаҳәо.

Таиф сара дыздыруанаҵы қырҭуа поетк иҩны гыларҭас-тәарҭас иманы исгәалашәом. Амала, иара ихы дахлафаауа еиҭеиҳәалон, апоет Рене Каландиа дшиҿасхьаз, аԥсуаа рызҵаатәы аҵыхәала.

Иҟалап, Таиф иахь аишьцәа Каландиаа ирымаз агәаӷ иалҵшәазар, апоет иҩны ақырҭуа гвардееццәа анакәшаз иркыз асиаҿы Таиф Аџьба аԥхьа дахьаныз. Џьота Амыҷба иԥшәмаԥҳәыс Нелли исзеиҭалхәахьан, Таиф дызларгоз автобус "пазик" ирыцҭаргалаз, нас "Газовая аппартура" ҳәа иахьашьҭаз иоурыжьыз иаԥсыуамыз ргәыла ишлеиҳәаз "унапқәа хаҳаҵәҵәоит, нас ажәеинраалақәа шыуҩуа ҳамбари" ҳәа Таиф ишиқәмақаруаз агвардееццәа. Ус анакәха, угәы азҩар ауеит урҭ агвардееццәа баша инанамгеит апоет иҩны, урҭ нашьҭын хықәкыла апоет иҭархаразы ҳәа…

Таиф Аџьба аиспан поет Гарсиа Лорка илахьынҵа илахьынҵахеит. Иара дандырӡуаз ихыҵуан 53 шықәса, заҟа ԥсыуа жәеинраала ссир ҭанархазеи Таиф игәаҵӷа иақәшәаз ақырҭуа гвардеец иавтомат гәымха иҭнарҟьаз ахы.

Абар 27 шықәса ҵуеит ихабар ыҟамижьҭеи аамҭак иҳацаныз, поезиа ҟаимаҭлеи, зыблагәыӷрақәеи, зыччаԥшьи рыла икәша-мыкәша иҟаз зырԥхоз апоет Таиф Аџьба. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны, уи илахьынҵа атәы зҳәо жәабжькгьы ыҟам. Хымԥада, ақырҭуа ган иадыруеит, апоет иԥсырҭа ахьыҟу, аха уи амаӡа арзара дара рзы ифеидам, уи акәхап, ҽмырҳа, ҽырдагәа ҟаҵаны зақәҿырымҭуа. 27 шықәса есыҽны дысгәалашәоит ибзиаӡаны издыруаз, зыҩны сынхоз Таиф лаша. Иара дыҩуан адунеи дшықәыз еиԥшҵәҟьа, инамыс дахымԥо, мацқьа-шьацқьа, усҟан аҳра зуаз апартиа аҿаԥхьа дымқьақьо.

Таиф Аџьба ицәаҳәақәа ҳанрыԥхьо агәра ҳгоит, уи иуахҭа заа инырхьан ҳәа, мамзар изырҳәазеи апоет абри аҩыза ауасиаҭажәа аибашьра ацәаара аныҟамыз:

Уа зегь ириааиуа ҳәа хаҵа дыҟаӡам,

Доус ианиашьа, иақәшәашьа ихаҵашьоуп.

Уа, иаҳхылаԥшу, уара лахь сыумҭан,

Сылахь иануҵаз сара сахьзавымсыз…

Ажәабжьқәа зегьы
0