Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қапԥҳа еиҭалҳәеит Кремльтәи ахан аҟны Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәа ишалахәыз

© SputnikАлекса Қапԥҳа
Алекса Қапԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснынтәи ашколхәыҷқәа Кремльтәи ахан аҿы Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа рхы шрыладырхәыз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит уарчатәи абжьаратә школ аҵаҩы Алекса Қапԥҳа.

17-ҩык Аԥснынтәи ашколхәыҷқәа Кремльтәи ахан аҿы Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа рхы рыладырхәит. Ԥшьымш ирылагӡаны ахәыҷқәа аҭааит Кремльтәи аԥсаӡҵла, Никулин ихьӡ зху ацирк, иара убас еиуеиԥшым аныҟәарақәа ирылахәын.

Хра злоу ахҭысқәа: Қапԥҳа Москва Ашықәс ҿыцазтәи аусмҩаԥгатәқәа ралахәхара атәы

"Москваҟа сцеит раԥхьаӡа акәны. Уа ҳаннеи, аԥсаӡ ахь ҳаргеит, амилаҭтә маҭәа ҳашәҵаны ҳкәашеит аԥсыуала. Уи азы ателеканал "Карусель" ашәҟәы ҳарҭеит "Московский Кремль" захьӡу. Акәыргыламҭа Ашықәс ҿыц аныҳәа иазкын. Убасгьы ацирк ахь ҳаргеит, акробатикатә номерқәа, имаҷымкәа аԥстәқәеи аԥсааҭәқәеи ҳбеит. Даараӡа исгәаԥхеит. Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Москваҟа ацаразы алшара ҳазҭаз… Москваҟа сцара аҵара бзианы иахьысҵо иадҳәалоуп ҳәа сгәы иаанагоит", - лҳәеит Қапԥҳа.

Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0