Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашыг: аибарххаратә ҭагылазаашьақәа раан ажурналистцәа ражәа иахьынӡалшо ираӡазароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Ҳашыг
Руслан Ҳашыг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит атәылаҟны аполитикатә еибарххарақәа раамҭазы ажурналистцәа русура аҵакы.
Ҳашыг: аибарххаратә ҭагылазаашьақәа раан ажурналистцәа ражәа иахьынӡалшо ираӡазароуп

"Ажурналистцәа иахьа ирҳәо, иҭырхуа, аефир ахь ишнарго, иркьыԥхьуа акырӡа аҵанакуеит. Аҳәара рысҭоит зегьы иахьынӡазалшо ражәа раӡаны, зегьы гәаҭаны, иҭҵааны иазнеирц. Аҭагылазаашьа уеизгьы иуадаҩуп, иҵегьы изыруадаҩуа акы ажурналистцәа рхы иаҭәарымшьароуп. Ишиашоу аинформациа  ауааԥсыра рызнагара ада уаҳа хықәкы шрымам, ишышьҭырымхуагьы агәра згоит, аха даҽазныкгьы иргәаласыршәоит.

Иахьа аинформациа ҟарҵар рылшоит еиҳарак асоциалтә ҳақәа рҟны изҭаху зегьы, уи акыр ишәарҭоуп, убри аҟынтәи ажурналист иажәа иаҵанакуа рацәоуп. Ҳтәылаҟны изныкымкәа ас еиԥш аибарххаратә ҭагылазаашьақәа ҟалахьеит, ажурналистцәа аҭагылазаашьа иацымхраауазар, иаԥырхаганы сгәалашәом, уажәгьы ус рхы мҩаԥыргап ҳәа агәыӷра сымоуп", - иҳәеит Руслан Ҳашыг.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0