"Адиле Аббас-оглы ҳаиҿцәажәараҿы илгәалашәон данҭарк, иахьлыҿцәажәоз акабинетқәа, уаҟа икаршәыз ауарҳал зеиԥшраз, аҭыӡқәа ԥшшәыс ирымаз. Лара илҳәоз зегьы хәы змам информациоуп. Адиле убас иллахьынҵахеит аԥсҭазаараҿы зегьы дыриааины лгәалашәарақәа баҟак, ҭоурыхк аҳасабала ашәҟәаҿы иаҳзаанлыжьырц. 1930-тәи ашықәсқәа, уи аамҭаҟны зыгәра угоз даныҟамыз, аԥсҭазаарацәҟьа агәра аныумгоз аамҭақәа дагәылсит, илхылгеит, даиааит. Адиле даара иӷәӷәаз, аенергиа ду зхылҵуаз ԥҳәысын", - лҳәеит Џьыкырԥҳа.
Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, аџьа аветеран, "Ахьӡ -Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Адиле Аббас-оглы сталинтәи арепрессиақәа раан, Нестор Лакоба иҭаацәа рҟынтә зыԥсы ҭаны иаанхаз аӡәзаҵәык лакәын.
2005 шықәса рзы Адиле Аббас-оглы иҭлыжьит аԥсуа жәлар рҭоурых хлымӡаах атәы зҳәоз ашәҟәы "Не могу забыть".
Адиле Шахбас-иԥҳа ҳазҭоу ашықәс мшаԥымза 24 рзы 100 шықәса лхыҵраны дыҟан. Иахьа Адиле Аббас-оглы аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргоит Аҟәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Гәымба Адиле Аббас –оглы лзы: ауаа ҷыдақәа дреиуан
-
Сталинтәи арепрессиақәа ирцәынхаз: Адиле Аббас-оглы 98 шықәса лхыҵит