Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьопуа Отаԥ иршьыз х-қәыџьмак рзы: анхацәа аԥхасҭа ду рнаҭахьан

© Foto / предоставлено Владиславом ДжопуаВладислав Џьопуа
Владислав Џьопуа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Отаԥ ақыҭа ахада Владислав Џьопуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит анхацәа ақәыџьмақәа рышьра шрылшаз, ԥхьаҟагьы урҭ реишәарыцаразы инарыгӡо аусмҩаԥгатәқәа ртәы.
Џьопуа: ақәыџьмақәа анхацәа аԥхасҭа ду рнаҭахьан

"Ҭхьына, Отаԥ, Ҷлоу уҳәа ақыҭақәа рҿы ақәыџьмақәа аԥхасҭа ҟарҵоижьҭеи акрааҵуан. Акырынтә аҷкәынцәа еизаны ирзышәарыцон, аха ирықәҿиомызт. Иаха асы илеиз иахҟьаны иааигәаны итәан аҟнытә, ашәарыцаҩцәа ирылшеит х-қәыџьмак рышьра. Урҭ аҩнытә ԥстәқәа рфон, ацә ҟатақәа, ауасақәа, аџьмақәа уҳәа, анхаҩцәа аԥхасҭа ду рырҭахьан, ашәарыцаҩцәа акырынтә ирыкәшахьан иршьырц азы, аха ирыцәцон. Ҽынлагьы, уахынлагьы арахә рфон. Ара ҳара абна ҳазааигәоуп азы, иаразнак арахә рышьҭа иаахылан, иаарыкәшан, индырҵәон. Иаха иманшәаланы ақыҭа иаланхо аҷкәынцәа зегьы рҽеизганы, амҩақәа кны, алақәа алаҵаны, ахԥагь ықәыргеит. Ашьацҳәақәа гылоуп, аха урҭ макьана рыфҩы ркуеит азы, иахыкәшан ицоит. Мызкы, ҩымз аиха афҩы мцакәа иаҿашәом. Абгалаџқәа ракәзар, ақыҭаҿы аҷкәынцәа быжьба-ааба цыра ршьхьеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0