00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Апрокурор Мацхарашвилиԥҳа: сзанааҭ алсхыижьҭеи зныкгьы сахьымхәӡацт

© Foto / предоставлено Наргизой МацхарашвилиНаргиза Мацхарашвили
Наргиза Мацхарашвили - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны апрокуратура аусзуҩцәа рымш азгәарҭоит мшаԥы 15 рзы. Аԥсны апрокуратура хада аԥҵан 1994 шықәсазы. Тҟәарчал араион апрокурор Наргиза Мацхарашвилиԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит лзанааҭ аналылхуаз лҭаацәа шазыҟаз, иара убас аусураҟны ихадароуп ҳәа илԥхьаӡо.
Апрокурор Мацхарашвилиԥҳа: сзанааҭ алсхыижьҭеи зныкгьы сахьымхәӡацт

Мшаԥымза 10, 2020 шықәсазы Аԥсны апрокурор хада идҵала Тҟәарчал араион апрокурорс даҭан Наргиза Мацхарашвилиԥҳа.

"Аҭакԥхықәра ду зцу аус ансыдыргала, даара сазхәыцит, ишьҭасҵеит–ишьҭысхит, аха сақәшаҳаҭхеит, избанзар исылшап, исызныҟәгап ҳәа сгәы иаанагеит. Ахаҵа, аԥҳәыс апрокурор рҟазшьақәа еиԥшуп ҳәа сгәы иаанагоит, уи ԥсыцқьала, гәыкала, ламысла аус азнеира ауп. Сҭаацәа ирҭахымызт азанааҭ аналсхуаз, уи аԥҳәыс лзы ицәгьоуп, илықәнагам ҳәа рыԥхьаӡон, аха уиижьҭеи шықәсы ҩажәа ҵуеит зныкгьы сахьымхәӡацт. Сан илҭахын сжурналистхарц, иахьагьы уи лгәаласыршәалоит. Апрокуратура  аҭакԥхықәра ҭбаауп, ахылаԥшратә функциақәа рацәоуп, аха  ихадаратәу - ацәгьоура ҟазҵаз ақәнага иақәыршәароуп. Убри аҟынтәи амилициеи апрокуратуреи ҳәоуеиқәшәала аус аныруа, алҵшәа аиуеит ҳәа сгәы иаанагоит. Апрокурор иус аҭакԥхықәра ду ацуп, убри аҟынтәи бзиа иумбозар, алҵшәа аиуӡом. Аԥсшьарамшқәа, аныҳәақәа раан аус анаҳуо ыҟоуп, уи аамҭа рацәа умнахуеит, аҵыхәтәантәи аамҭазы схы сақәиҭны сыҟан ҳәа сгәалашәом", - лҳәеит Мацхарашвилиԥҳа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0