Мшаԥымза 10, 2020 шықәсазы Аԥсны апрокурор хада идҵала Тҟәарчал араион апрокурорс даҭан Наргиза Мацхарашвилиԥҳа.
"Аҭакԥхықәра ду зцу аус ансыдыргала, даара сазхәыцит, ишьҭасҵеит–ишьҭысхит, аха сақәшаҳаҭхеит, избанзар исылшап, исызныҟәгап ҳәа сгәы иаанагеит. Ахаҵа, аԥҳәыс апрокурор рҟазшьақәа еиԥшуп ҳәа сгәы иаанагоит, уи ԥсыцқьала, гәыкала, ламысла аус азнеира ауп. Сҭаацәа ирҭахымызт азанааҭ аналсхуаз, уи аԥҳәыс лзы ицәгьоуп, илықәнагам ҳәа рыԥхьаӡон, аха уиижьҭеи шықәсы ҩажәа ҵуеит зныкгьы сахьымхәӡацт. Сан илҭахын сжурналистхарц, иахьагьы уи лгәаласыршәалоит. Апрокуратура аҭакԥхықәра ҭбаауп, ахылаԥшратә функциақәа рацәоуп, аха ихадаратәу - ацәгьоура ҟазҵаз ақәнага иақәыршәароуп. Убри аҟынтәи амилициеи апрокуратуреи ҳәоуеиқәшәала аус аныруа, алҵшәа аиуеит ҳәа сгәы иаанагоит. Апрокурор иус аҭакԥхықәра ду ацуп, убри аҟынтәи бзиа иумбозар, алҵшәа аиуӡом. Аԥсшьарамшқәа, аныҳәақәа раан аус анаҳуо ыҟоуп, уи аамҭа рацәа умнахуеит, аҵыхәтәантәи аамҭазы схы сақәиҭны сыҟан ҳәа сгәалашәом", - лҳәеит Мацхарашвилиԥҳа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: