Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит адәқьан "Duty Free" Аҟәа араион абиуџьет шаҟа аланагало

© Foto / предоставлено Алхасом ЧитанаваАлхас Ҷыҭанаа
Алхас Ҷыҭанаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Баџьда аҳәааҟны аус зуа адәқьан "Duty Free" ачымазара ҿкы аламырҵәаразы аркра инамаданы абиуџьет ишаныԥшуа атәы арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит Аҟәа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Алхас Ҷыҭанаа.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҷыҭанаа Аҟәа араион абиуџьет иазкны

"Аҭагылазаашьа абиуџьет ианымԥшыр ауӡом, избанзар ашықәсан абиуџьет иарбоу ахашәала 50 процент инацны уи адәқьан иханарҭәаауеит. Актәи аԥшьбарак адәқьан аус ауит, аха аҩбатәи аан аус амур абиуџьет ишагхо аилкаара уадаҩым ҳәа сгәы иаанагоит. Иҳаҩсыз ашықәсан уи адәқьан абиуџьет ахь 51 миллион мааҭ ҭанагалеит. Сынтәа планла иарбоуп 46 миллион мааҭ, аха есышықәса иаҳбо адинамикала аплан аҟны иаангыломызт, инацны иҭанагалон. Иарбоу ахыхь ианҭанагало ҳалшарақәа ирыцлоит ауаа рыбзазара аиӷьтәраҟны", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит ашықәс актәи азбжазы ирзарбаз асоциалтә проектқәа иахьазы ишаанкылоу ачымазара ҿкы иахҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инамаданы. Урҭ рыбжьара иҟоуп Иашҭхәа ақыҭа 800 метра рҟынӡа аӡымҩангага абжьаҵара, амҩақәа реиҭашьақәыргылара, афымцалашаратә цәаҳәақәа, ашьаҟақәа реиҭарҿыцра уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0