Аԥсны ахада иусԥҟала Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа далхуп Станислав Амҷба. 1991 шықәсазы иара далгеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет. Станислав Амҷба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, Мрагыларатәи афронт актәи аполк адҵаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, ианашьоуп Леон иорден. Аус иуан Очамчыра Араионтә еизара адепутатс, дыҟан Дранда ақыҭа ахадас.
"Аԥсны аибашьраан Очамчыра араион зегь раасҭа арыцҳарақәа зхызгаз ауп уҳәар ауеит. Уи ахҟьа-ԥҟьақәа макьанагьы ианыруеит. Аусура макьана аиашазы сымнеицт, аха гәҭакыс исымоуп аԥышәа змоу ауаа рыла аусура аиҿкаара. Ҳәарас иаҭахузеи, аҿар бзиа иаҳбоит, ҳаҭыр рықәаҳҵоит. Еиуеиԥшым аиҿкаарақәа араион ацхыраара арҭоит, аха арыцҳарақәа, агәаҟрақәа, амамзаара рацәоуп. Аԥхьатәи ашьаҿақәа аиҿкааратә усқәа ирыдҳәалоуп. Иахьа ҳазҭагылоу аамҭа зеиԥшроу зегьы еилаҳкаауеит, аха аҿар гәыԥ-гәыԥла рхы еидкыланы џьара аус ахьыруша иазхәыцтәуп, уи азы аҳәынҭқарра ахадагьы саргьы аицәажәара ҳаман. Ақыҭа аҟынтәи аҿар ҳацәцеит, иара ақалақь, араион аҟны ауаа ыҟамкәа хақәхар, ахадагьы дзаҭахыи, аҳәынҭқарра ҳәа иҟаҳҵои?" - иҳәеит Амҷба.
Иара иазгәеиҭеит ақыҭақәа зегьы ҳаҭала дрылсны, рыбзазашьа зеиԥшроу аилкаара гәҭакыс ишимоу.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: