Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа: ахәыҷқәа рымш азы ныҳәада иаҳзааныжьуам

© Sputnik / Томас ТхайцукМактина Джинджолия
Мактина Джинджолия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәа Жәларбжьаратәи рыхьчара амш азы сынтәа ҳамҭақәас иаздырхиаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
Џьынџьалԥҳа: ахәыҷқәа рымш азы ныҳәада иаҳзааныжьуам

Рашәарамза акы – Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш ауп.

"Ари амшныҳәазы есышықәса еиуеиԥшым агәыҳаларатә акциақәа мҩаԥаагон. Сынтәа акоронавирус апандемиа иахҟьаны уи ҳалымшеит, аха ахәыҷқәа ныҳәада иаҳзаанмыжьит дара рымш азы. Еиду амилаҭқәа реиҿкаара иаҵанакуа ахәыҷтәы фонд Аҟәатәи аҟәша ацхыраарала иахьа 41-ҩык аҳамҭақәа рзаҳшоит. Аҟазара, арҿиаратә гәазыҳәара ахәыҷқәа ирылазааӡо хәмаргақәоуп ирыҭахо, урҭ аиндивиуалтә знеишьа ала иалхын. Ишыжәдыруа еиԥш, ҳара ацхыраара заҳҭо згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа роуп, убри аҟынтә иубалак ахәмарга руҭар алшаӡом. Ҳара иҳаӡбеит ахәыҷқәа ахәмарга мацара рыҭара акәымкәа, иҳаӡбеит аҭаацәа агуманитартә цхыраара рзыҟаҳҵарц афонд ахьӡала. Иҳархиеит ҩба-ҩба кәалаԥ еиуеиԥшым афатә хкқәа злухша аалыҵқәа рыла. Сгәаанагарала, ари ицхыраагӡа бзиахоит", - ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0