Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагба: Аԥсны аганахьала Урыстәыла ахахьы иагаз аҭакԥхықәра нагӡо иаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Хагба
Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 12 рзы Урыстәыла амш азгәарҭоит. Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни иахьатәи реизыҟазаашьақәа.
Ҳагба: Аԥсны аганахьала Урыстәыла иагаз аҭакԥхықәра нагӡо иаауеит

"Урыстәалатәи Афедерациа Аԥсны аԥеиԥш аҟны, асоциал-екномикатә, аполитикатә еизҳараҟны анырра ӷәӷәа иахьагьы, аԥхьагьы иазҭо ҳәынҭқарраны иаанхоит, убри еилкааны иҳамазароуп ҳара – аԥсуа жәлар. Аҳәынҭқарра ашьақәгыларазы иҟоуп иӷәӷәаны иӡбатәу хԥа-ԥшьба зҵаара. Ашәарҭадара азҵаара, асоциал-економикатә еизҳара, анҭыҵ ҳаиҭанеиааира, азхаҵара – арҭқәа зыбзоуроу Урыстәылатәи Афедерациа ауп. Нанҳәа 2008 шықәсазы Урыстәыла иагаз аҭакԥхықәра шьаҿа-шьаҿала инагӡо иаауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Беслан Ҳагба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0