Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хаҳәбиаԥҳа Евелина Ҭыжәԥҳа лзы: дагьыџьбаран, дагьҟәымшәышәын

© Sputnik / Томас ТхайцукЛариса Хахубия
Лариса Хахубия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Евелина Ҭыжәԥҳа. Уи акыршықәса аус лыцызуаз арҵаҩы Лариса Хаҳәбиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит лыуаҩышьеи лзанааҭ азнеишьеи зеиԥшраз.
Хаҳәбиаԥҳа Евелина Ҭыжәԥҳа лзы: дагьыџьбаран, дагьҟәымшәышәын

"Евелина Леуан-иԥҳа сара хаҭала дахьыздырыз Аҟәатәи 10-тәи ашкол аҿоуп. Усҟан сара аҵарадырратә практика сахысуан, лара аиҵбыратә классқәа рҿы аҵара аҟәша еиҳабыс дыҟан. Убысҟан инаркны сара рҵаҩ дук лаҳасабала дыздыруан. Аибашьра ашьҭахь аҟәатәи аԥшьбатәи ашкол ашьақәыргылараҿы лара даара аџьабаа ду лбеит. Иара иаԥсыуа школны аҟаҵарагьы зыбзоуроу лара лоуп. Евелина Леуан-иԥҳа лоуп аусурахьгьы сыздызкылаз. Лара 17 шықәса ашкол аҿы аџьабаа лбеит. Ашкол ашьақәыргылараҿы илыцлырхыраауан арҵаҩцәеи аҭаацәеи. Лара ԥсабарала ирҵаҩ дууз лакәын, дагьыџьбаран, дагьҟәымшәышәын. Арҵаҩы иурок амҩаԥгашьа аилыргара даналагоз уи иқәманшәалахаз алоуп дшалагозгьы, ихьысҳара атәы маршәакрала, даара ҳаҭырбарала еиҭалҳәон игыз-иԥхаз",- ҳәа дылгәалалыршәеит Хәаҳәбиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0