Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа: автошколақәа рҿы аҵара аганахьала алеишәа шьҭыхтәуп

© Foto / предоставлено Анатолием Читанава Анатолий Читанава
Анатолий Читанава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра иҟоу автошкола "Аиааира" аиҳабы Анатоли Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьа автошколақәа ирылго рдыррақәа рыԥсыҽхара зыхҟьо атәы.
Ҷыҭанаа: автошколақәа рҿы аҵара аганахьала ишьҭыхтәуп алеишәа

Автошколақәа рҿы аҵара зҵо ироуа адыррақәа рышьҭыхразы аԥышәарақәа еиҳа идырџьбароит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

"Ауаа зегьы еиԥшым, иҟоуп аханатә здыррақәа ҳаракны иааиуа, иҟоуп иаҳа иԥсыҽны изцааиуа. Ашкол иамазароуп ахатәы литература, еиқәшәазароуп, алабҿабатә кыдҩыларақәа рыла. Сара ианазыҟасҵо, ишаасҭаху аҩныҵҟатәи аԥышәара арымҭакәа, аҳәынҭавтонспекциа арегистрациатә-ԥышәаратә ҟәшахьы исышьҭӡом. Ҿҳәарас иҳамоуп хымз, аха сҵаҩцәа хәымзгьы рҽаназыҟарҵо ыҟоуп, ааигәа иоусышьҭыз агәыԥ хәымз ааҵуаны ауп арегистрациатә-ԥышәаратә ҟәшахьы ианысышьҭыз, аԥышәара ибзиангьы иарҭеит. Ашколқәа рҿы ишьҭыхтәуп алеишәа, аҵара аганахьала. Далгеит ҳәа ашәҟәы иҭан доушьҭтәым аҵаҩы", - азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0