Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ануа аҳақьым Зураб Ачба изы: згәы ҭбааз, зыԥсадгьыл иазхәыцуаз уаҩын

© Sputnik Томас ТхайцукВладимир Ануа.
Владимир Ануа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит аминистрра иатәу арратә госпиталь хада аҳақьым хадас иҟаз, иахьа, рашәара 27 рзы иаалырҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз Зураб Ачба.

Асабша, рашәара 27 рзы иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпиталь хада аҳақьым хадас иҟаз, аибашьра аветеран Зураб Омех-иԥа Ачба.

Ануа аҳақьым Зураб Ачба изы: згәы ҭбааз, зыԥсадгьыл иазхәыцуаз уаҩын

"Ашамҭазы иҳаҳаит даара ҳгәы иалсыз ажәабжь. Дҳацәцеит аофицер замана, зус здыруаз, ахәышәтәра знапы алакыз ауаҩы. Иара иџьабаа ӷәӷәан аибашьраҟны, уи ашьҭахьгьы. Даара игәы былуан инапы злакыз аус азы, ахәышәтәырҭазы, ихы-игәаҟынӡа инаганы далацәажәон аҵыхәтәанынӡа. Мрагыларатәи аибашьцәа иџьабаақәа ртәы ззымдыруаз уаҩ дыҟам ҳәа сгәы иаанагоит, иара напхгара азиуан аибашьраан Ҷлоутәи агоспиталь… Уахык аус ицызуази иареи аибашьра еилгаанӡа ргәы ҭынчны изыцәеит ҳәа сыҟам", - иҳәеит Ануа.

Аԥсны атәылахьчара аминистр далацәажәеит убасгьы аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа инадыркны иахьа уажәраанӡа Зураб Ачба илшоз зегьы шыҟаиҵоз арратә госпиталь аусуразы.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0