Акыр зычҳаз акыр ибеит: агәаҟрақәа ириааиз аҭаацәара

© SputnikЏьӷамазиаа рҭаацәара ацхыраара риҭоит Зураб Ачба
Џьӷамазиаа рҭаацәара ацхыраара риҭоит Зураб Ачба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷырацәа змоу Џьӷамазиаа рҭаацәара аԥсҭазаара акыр икыднаҟьеит, аха иахьатәи амш азы урҭ зхаҵара макьана ирцәыуадаҩу адунеи ҿыц рзаатит. Аҭаацәа уаанӡатәи рыԥсҭазаареи, иахьатәи рымшқәеи, насыԥс ирзыҟалаз ауаҩы дарбануи уҳәа ртәы шәаԥхьа Аинар Ҷыҭанаа иматериал аҟны.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Арыцҳара ахала иааӡом

Жанна Сергеева Урыстәыла, ақалақь Белгород диит. Уа лара аспорт лҽазыҟалҵон, дыхәмаруан Урыстәыла иреиҳау анапылампыласратә лига иалаз акомандазы. Анапылампыласҩы лхатә ԥсҭазаарагьы аханатә иманшәаланы ишьақәгылон, аҭаацәара далалеит, илоуит ҩыџьа ахәыҷқәа. Аха дук хара имгакәа раԥхьатәи лыԥшәмеи лареи еилыҵит. Жанна аҩбатәи лыԥшәма д-Џьӷамазиан, Џьалтәын. Арҭ анеибага, Аԥсны анхара иалагеит. Рацәак мҵыцкәа Аԥсны иҵысит Аџьынџьтәылатә еибашьра. Аблокада иҭакыз Тҟәарчал, аибашьра агәаҟрақәа, ахьҭакра, амлакра - абас иалагеит атәым тәылаҿы Жанна илоуз аԥсҭазаара "ҿыц" аԥышәарақәа.

Иубаз еицәа убеит ҳәа шырҳәо еиԥш, аибашьра ашьҭахьгьы Жанна иҭышәынтәалаз аҭаацәаратә ԥсҭазаара лмоуӡеит. Аҳақьымцәа рымдырра иахҟьаны имыцхәцәахаз ахәшәқәа дырхыԥсааит лхәыҷқәа руаӡәы. 2017 шықәсазы зықәра намӡац лыԥҳа лцәаԥҽра ахҭыс бааԥс атәы Аԥсны ахы-аҵыхәа ирылаҵәеит. Уи зуз Асҭамыр Џьапуа 20 шықәса иқәҵаны дҭакуп. Уи азымхакәа, ԥшьымш рышьҭахь Жанна лыԥҳа еиҳабы аҭаацәа реиҳабы Роберт Џьӷамазиа инапала дишьит. Уи иқәырҵеит 11 шықәса аҭакра.

Абас еиԥш ахлымӡаахрақәа ирықәшәаз Жанна лыбзазаратә ҭагылазаашьагьы угәы унамырхьырц залшомызт. Аха, акыр зычҳаз акыр ибеит ҳәа, арыцҳарақәа шьаҿа-шьаҿала изышьҭаз ари аҭаацәара мышқәак раԥхьа шьаҭанкыла рыԥсҭазаашьа аҽшаԥсахыз атәы ҳаҳаит.

Ҳалагап нас аҿыц ԥсҭазаарахь ашәқәа рзаазыртыз ахҭыси, насгьы уи зыбзоурахази алацәажәара.

Аҭагылазаашьа аҽанраалара

Иахьатәи аамҭазы Жанна лымацара рааӡара даҿуп хҩык лхәыҷкәеи ҩыџьа лмаҭацәеи. Хәышықәса раахыс ари аҭаацәара Гәымсҭатәи амҩаҿы инхон, акыр шықәса раԥхьа иқәҵхьаз ҭаацәарак рыҩнаҿы. Уи ҩ-еихагылак амоуп, иара ахаҭа еилаҳахьеит, анхаразы имаҭәахәӡам, аха Жанна лхәыҷқәеи лмаҭацәеи зынӡа хыҵакырҭада инымхарц азы, илыӡбеит аҩны ашьҭахьҟа иадҟаҵалоу аҿакы иамоу ауадақәа хԥа лхы иалырхәарц. Дара урҭ ауадақәа рҟынгьы унхартә иҟоуп ҳәа аҳәаразы агәаӷьра ӷәӷәа аҭахуп, аха Жанна даҽаџьара царҭак лымамызт. Иҩналатәхеит.

© SputnikЏьӷамазиаа рҭаацәара Гәымсҭатәи амҩаҿы иахьынхоз аҩны
Акыр зычҳаз акыр ибеит: агәаҟрақәа ириааиз аҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Џьӷамазиаа рҭаацәара Гәымсҭатәи амҩаҿы иахьынхоз аҩны

Ашҭа ушҭалалак узгәыдыԥшыло аҩн ду артиллериа хьанҭа шагәыдырҵаз ҩашьом, аварахьтәи аҭӡқәа еибганы инхеит умҳәозар, уаҳа "зыԥсы ҭоу" хәҭак азнымхаӡеит. Жанна днаҳаԥызан, ҳнаганы иаҳлырбеит хәышықәса раахыс лхәыҷқәеи лареи ахьынхоз аҿак хәыҷы. Кыршықәса уажәаԥхьа иԥыҽҽхьаз амардуан лакьҭа ҳнықәсны, ҳаҩналеит аҩнуҵҟа. Ашә аҟныҵәҟьа игылоуп ачаӡыга, зышықәснҵыра хынтә инҵәаны еиҭанҵәахьоу афымцалашаратә даҷқәа ана-ара икылыҳәҳәоит, аҭӡамц акәакьахьшәа икнаҳауп Анцәа исахьа. Арыӷьарахь иамоу ауада хәыҷ аҟны иҩнагылоу цәарҭа заҵәык ада даҽа ҩнымаҭәак убаӡом. Аԥхьаҟа уцар, уҩналоит асасааирҭеи акҿаҩреи рфункциақәа еицыназыгӡо даҽа уадак. Игылоуп ажәытә диван хәыҷы, акҿаҩраҿы улаԥш нақәшәоит аҟәардә хәыҷқәа зыдгылоу, зшәагаақәа рацәам аишәа.

© SputnikЏьӷамазиаа рҭаацәара уаанӡа иахьынхоз аҩны абзазаратә ҭагылазаашьа угәы унамырхьырц залшом.
Акыр зычҳаз акыр ибеит: агәаҟрақәа ириааиз аҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Џьӷамазиаа рҭаацәара уаанӡа иахьынхоз аҩны абзазаратә ҭагылазаашьа угәы унамырхьырц залшом.

Уаҳа ауадақәа ахьыҟам иахҟьаны ари аҭаацәара ду ҩыџьа-ҩыџьала, хҩы-хҩыла ишьҭалон. Акрыфараан зегьы зныкала аишәа хәыҷы иазкуамызт, араҟагьы иҟалон "агәаран". Аха зегь раасҭа ашәарҭара рыцын изныкымкәа амца зкхьаз афымцалашаратә даҷқәа. Амашәыр дацәшәаны аӡынгьы Жанна ауада арԥхагақәа аҿалкуамызт, лхәыҷқәеи лареи абнаҟынтәи амҿы ааганы, амца еиқәырҵон. Аҩны иара убас иамамызт аҽыкәабарҭатә уадагьы, аха Жанна ари аҭагылазаашьагьы дшалҵшаз лыӡбеит. Аӡы амца иҽҳәаргыланы ирԥханы, ахәыҷқәа аӡәаӡәала иара уи асасааирҭаҿы илкәабон, напыла илыӡәӡәон ахәыҷқәа рымаҭәагьы.

© SputnikАфымцамҩангагақәа ахьыуашәшәыраз азы аҭаацәа ран аӡынра арԥхагақәа аҿалкуамызт, амца еиқәҵаны ауада лырԥхон.
Акыр зычҳаз акыр ибеит: агәаҟрақәа ириааиз аҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Афымцамҩангагақәа ахьыуашәшәыраз азы аҭаацәа ран аӡынра арԥхагақәа аҿалкуамызт, амца еиқәҵаны ауада лырԥхон.

Ахәыҷырацәа рныҟәгаразы ари аҩнаҟны иаԥҵамыз ихымԥадатәиу аҭагылазаашьақәа шыҟамызгьы, Жанна лгәы калыжьуамызт. Лыԥҳа еиҳабы лыԥсы анҭаз аус еицыруан абанкеттә зал аҟны, асаанқәа рыӡӡәон, еилдыргон. Уи лусура рҽахаршәаланы аҩныргыларатә усгьы рҵеит. Раԥхьа акласстә уадақәа аремонт рзурала иалагеит, нас хәыҷ-хәыҷы анхарҭатә уадақәа рыҟаҵарахьгьы ииасит. Лыԥҳа лыԥсҭазаара даналҵ, ари аус еиҳагьы лҽалалхалар акәхеит. Уи ада даҽа мҩак лымамызт - аҩны илзыԥшын амла иакуаз ахәыҷқәа.

© SputnikАмаҭәақәа ӡынгьы-ԥхынгьы адәаҿы напыла илыӡәӡәон
Акыр зычҳаз акыр ибеит: агәаҟрақәа ириааиз аҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Амаҭәақәа ӡынгьы-ԥхынгьы адәаҿы напыла илыӡәӡәон

Абарҭқәа зегь рыдагьы ицәырҵит даҽа уадаҩракгьы: дара џьаргьы иахьҭаҩмыз азы ахшара рацәа змоу аҭаацәара аҳәынҭқарраҟнытә ироуша аԥаратә цхыраара Жанна далхәданы дынхеит. Уи адагьы, зыӡбахә ҳамоу уи ақьаад лнапы иахьакымыз аҟнытә дара ахәыҷбаҳчахьгьы ирыдыркыломызт. Ахаҿы аагара уадаҩуп ари аԥҳәыс заҟа илзыцәгьаз, "ала аҟырҟы икылхны" ҳәа шырҳәо еиԥш, шықәсырацәала лхала заҵәык аус уны, ахәыҷырацәа рныҟәгара. Аха улахь еиқәызҵо ари аҭоурыхгьы анҵәамҭа бзиа азыԥшызаарын…

Аҵаа бабаду

Агәыӡератәи арратә госпиталь аиҳабы Зураб Ачба ари аҭаацәара аӡбахә иаҳаит Москва ақалақь аҟны дшыҟаз. Иара иажәақәа рыла, иаразнак агәаҳәара ду изцәырҵит излаилшоз ала ари аҩыза арыцҳара иҭагылоу ахәыҷқәа цхыраарак рыҭаразы, ус иагьыҟаиҵеит. Аԥсныҟа даныхынҳә, Зураб Омех-иԥа афатә-ажәтә, ашәҵатәы-ашьаҵатәы уҳәа ааидкыланы, сасра ахәыҷқәа дрызнеит.

© SputnikАгәаҟра дуқәа ирықәшәаз аҭаацәара рыԥсы даԥшәмахеит Агәыӡератәи арратә госпиталь аиҳабы Зураб Ачба.
Акыр зычҳаз акыр ибеит: агәаҟрақәа ириааиз аҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Агәаҟра дуқәа ирықәшәаз аҭаацәара рыԥсы даԥшәмахеит Агәыӡератәи арратә госпиталь аиҳабы Зураб Ачба.

"Санаарылаԥшҵәҟьа еилыскааит дара рыда ԥсыхәа шсымам, иаразнак бзиа избеит. Уахь санцоз сара сгәы иҭан абжьааԥны ишыҟасҵалац еиԥш изласылшо ала срыцхрааны аҩныҟа схынҳәырц, аха арҭ ахәыҷқәа акалашәа сгәы иҭашәеит, сыԥсы рылахеит", - игәалаиршәоит Зураб Ачба.

© SputnikЗураб Ачба афатәи-ажәтәи, абзазаратә маҭәахәқәеи рыгирхом.
Акыр зычҳаз акыр ибеит: агәаҟрақәа ириааиз аҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Зураб Ачба афатәи-ажәтәи, абзазаратә маҭәахәқәеи рыгирхом.

Уи аахыс Зураб Омех-иԥа ахәыҷқәа рныҟәгара ихахьы игеит, ирзааихәеит ихымԥадатәиу аҩнымаҭәа, ахәыҷқәа рзы аҭелқәа, ателехәаԥшыга уҳәа. Иара ибзоурала макьана зықәра аҵанакуаз ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчахь ирыдыркылеит, Урыстәылантәи аҳақьымцәа адԥхьаланы лшьапы дықәиргылеит згәабзиара уашәшәыраз аӡӷабгьы.

"Ахәыҷқәа раԥхьаӡа санырбаз ҳара ҳзы уазусҭада ҳәа исызҵааит. Шәаб соуп сҳәар, ииашаны сырзеилкаарым сгәахәын, шәабду соуп ҳәа расҳәеит. Ҵабыргыҵәҟьаны, смаҭа гәакьацәа реиԥш бзиа избеит арҭ ахәыҷқәа. Уажәшьҭа дара ракәӡам са сыда ԥсыхәа змам, сара соуп дара рыда ихәарҭам", - иҳаилиркаауеит Ачба.

© SputnikАхәыҷқәа рыҩн ҿыц иеигәырӷьоит
Акыр зычҳаз акыр ибеит: агәаҟрақәа ириааиз аҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷқәа рыҩн ҿыц иеигәырӷьоит

Абду ҿыц ари аҟны даанымгылаӡеит. Зураб Омех-иԥа иаҭахыз аусбарҭақәа рахь дадҵааланы, ари аҭаацәара анхарҭа ҭыԥ азы ирымоу апроблема аӡбара иҽазикит. Ари аус арцыхцыхраҿы адгылара ирҭеит Жәлар Реизара адепутатцәа аӡәык-ҩыџьак. Ахшара рацәа змоу, иӷару аҭаацәара анхарҭа ҭыԥ рыҭаразы Аминистрцәа Реилазаара иеиқәнаршәаз апрограммала дук мырҵыкәа Жанна лхәыҷқәеи лареи ирырҭеит ҩ-еихагылак змоу аҩн ҿыц. Абас ала раԥхьаӡа акәны ари апрограммала анхарҭа зауз ракәхеит ари аҭаацәара. Уи ҳаблала иаҳбарц ҳаргьы уахь амҩа ҳақәлеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукУажәшьҭа дара зегьы рхатә уадақәа рымоуп.
Акыр зычҳаз акыр ибеит: агәаҟрақәа ириааиз аҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Уажәшьҭа дара зегьы рхатә уадақәа рымоуп.

Аԥсҭазаара ҿыц

Мчыбжьык аахыс Жанна "лкомандеи" лареи зыҩноу аҩн ҿыци хәышықәса иахьынхоз аҩни, иаармарианы иуҳәозар, шәы шьхак рыбжьоуп. Ара ҭынч анхаразы дара аҭагылазаашьақәа зегьы рымоуп: ауадақәа, асасааирҭа ду, акҿаҩра бзиа, аӡырԥха, алашара уҳәа. Ахәыҷқәа ҳанырба, иԥхашьеит, ԥыҭраамҭак "сасра" руан, аха нас иҳашьцылан, досу иаҳдырбеит руадақәа, рыхәмаргақәа. Ахәыҷқәа зегьы иреиҵбу, хәышықәса зхыҵуа Адица излалҳәаз ала, рынхарҭа ҿыц даараӡа лгәы иақәшәоит. Зегьы иреиҳабу Роберт 18 шықәса ихыҵуеит, лассы арра дыргоит. Уи ашьҭахь иара планқәак имоуп, иаԥхьаҟа иҭахуп арахәааӡаратә ферма ааиртырц.

© SputnikЕгьа гәаҟра рхыргазаргьы, уажәшьҭа рыԥсҭазаара аҭышәынтәаларахь идәықәлеит
Акыр зычҳаз акыр ибеит: агәаҟрақәа ириааиз аҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Егьа гәаҟра рхыргазаргьы, уажәшьҭа рыԥсҭазаара аҭышәынтәаларахь идәықәлеит

Аиаҭым икәакәар былӡом ҳәа шырҳәо еиԥш, иагьа гәаҟра рхыргазаргьы, ари аҭаацәара зегьы чҳаны, кыр шықәса изеилаҳауаз иҭышәынтәалоу аԥсҭазаара роуит. Ҵабыргыҵәҟьаны, уи ахала изыҟаломызт, Зураб Ачба иеиԥш рыцхраара иазхиахаз ауаҩы дрықәымшәазҭгьы. Уи еилызкаауа ахәыҷқәагьы Зураб Омех-иԥа дыргәыдыҳәҳәаланы, нцәахәык иеиԥш ихәаԥшуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0