Гагра араион аҵараҟәша аиҳабы Мадина Жьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭалҳәеит араион аҟны иҟоу ахәыҷбаҳчақәа раартразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аполитологиеи асоциологиеи ркафедра аиҳабы, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Емма Гамсаниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны ахҳәаа азыҟалҵеит Урыстәыла азакәан хада аиҭакрақәа ралагаларазы абжьыҭара.
Аҟәа ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҟны ахәыҷбаҳчақәа анаартхо.
Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь аиҳабы Џьумбер Мышәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҵараиурҭа арҵаҩцәа рдырра шеиздырҳауа атәы.