Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мышәба аколлеџь аҟны атренингқәа рзы: аҵараҟны аҿыцрақәа удыруазароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДжумбер Мушба
Джумбер Мушба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь аиҳабы Џьумбер Мышәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҵараиурҭа арҵаҩцәа рдырра шеиздырҳауа атәы.

Раԥхьаӡа акәны амилаҭҭә ҵарадырра аҭоурых аҟны Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь аҟны имҩаԥысуеит азанааҭҭә ҩаӡара ашьҭыхразы жәларбжьаратәи онлаин-рҵара. Уи апрофессионалтә техникатә ҵара знапы алаку арҵаҩцәа рзы Европатәи аидгылеи Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аҿиара апрограммеи еицеиҿыркааз усуп. Арҵаҩцәа ирыдыргалоит аҵараҟны аметод ҿыцқәа, онлаин атренингқәа мҩаԥыргоит аҟазацәа.

 

Мышәба аколлеџь аҟны атренингқәа рзы: аҵараҟны аҿыцрақәа удыруазароуп

"Санкт-Петербургтәи арҵаҩцәа онлаин ахархәарала ҳарҵаҩцәа рыҩаӡара аҳаракразы имҩаԥыргоит арҵаратә еицәажәарақәа. Сызлахәаԥшыз ала, иманшәаланы, алҵшәа аманы ицоит. Аколлеџь арҵаҩцәа зегьы аҵанакуеит, аматематик иоума, атехнолог иоума, еилых амаӡам. Арҵаратә еиҿцәажәара раԥхьатәи ахәҭа ҳахысыр, анаҩс иҟало ҳбоит, аха уажәы жәамшҟа ус арҵарақәа цоит азанааҭтә ҩаӡара ашьҭыхразы… Уажәы адистанциатә ҵара амҩаԥгашьа ддырбоит. Аҵара есымша ԥхьаҟа ицоит, иудыруазароуп аҿыцрақәа иалагалоу ртәы, насгьы хәыда-ԥсада иурҭоит, ҳарҵаҩцәа ирҳәеит адырра ҿыцқәа роур шырҭаху", - ҳәа азгәеиҭеит Мышәба.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0