Аҟәа араион ақыҭа Ешыра ахада Ҭамара Аҩӡԥҳа-Езыгәбаиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ақыҭаҿы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа еиҭеиҳәеит 2015 шықәса рзы Абгархықә, археолог имш азы машәыршақә, дызқәымгәыӷуаны иԥшаахаз, даара иҩычоу аџьазтә еиха атәы.
Аԥсны Аолимпиатә еилакы ахантәаҩы Валери Аршба арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит 1980 шықәсазы Москва имҩаԥысуаз Аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа, урҭ рҟны Аԥсны алагала атәы, убасгьы иҳәеит аспорт аҿиаразы лшарақәас иҟоу, хымԥада иҟаҵатәу.