Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Харчлаа ақыҭа Бедиа иазкны: ақыҭауаа зегьы хныҟәгагас ирымоу, иззыԥшу арасоуп

© Foto / предоставлено Джумбером ХарчилаваДжумбер Харчилава
Джумбер Харчилава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион иатәу ақыҭа Бедиа ду ахада Џьумбер Харчлаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит анхацәа рыбзазашьа атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Харчлаа ақыҭа Бедиа иазкны

"Ақыҭа ахадара азааигәара афымцалашара ҟаҳҵеит, ахәыҷқәа ахьыхәмаруа ашкол азааигәарагьы убас. Ақыҭа анхацәа сыдгыланы иҟаҳҵаша ҳәа ишьақәҳаргылаз азҵаарақәа хәыҷы-хәыҷла рынагӡара ҳаҿуп. Ақыҭауаа зегьы хныҟәгагас ирымоу, иззыԥшу арасоуп, убри ҭиины рхы зланыҟәыргаша иашьҭоуп, иара уигьы иҟоуп ахәшә ҟазҵаз, иҟоуп иҟазымҵазгьы, нас ҳаԥхьаҟа мандаринак ҳахьӡозар акәхап", - ҳәа еиҭеиҳәеит Харчлаа.

Ақыҭа ахада иара убасгьы амҩақәа рҭагылазаашьа атәы иҳәеит.

"Тҟәарчали Бедиеи еимаздо амҩаду аҭагылазаашьа бзиоуп, уа акаҭран ықәуп, аха Бедиа инаркны Аҽгәараҟынӡа амҩа даара иуадаҩуп, уаҩы дныҟәартә еиԥш иҟаҵатәуп. Иҳаман ацәажәарақәа ари амҩа арҽеиразы, аха акаҭран ақәҵара макьана ҳазыԥшым", - ҳәа иҳәеит Харчлаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0