Гәдоуҭатәи "Аӡыканал" аиҳабы Оҭар Леиба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит араион аҟны аӡымҩангагақәа рышьҭаҵаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы Аԥсны ахадеи иареи шеиԥылаз, еибырҳәаз, иԥсҭазаараҟны еицырдыруа акаҳуажәырҭа ҭыԥс иааннакыло атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит 87 шықәса ирҭагылоу, "Абыжәырҭа ахада" ҳәа ззырҳәо Леонид Џьениа.
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла рыдыркылеит Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи Рфедерациа аилазаарахь ԥхынгәы 9 рзы. Ари ахҭыс ҵакыс иамоу, лшарақәас иаанартуа атәы еиҭеиҳәеит Аҟәа имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
Ауаҩ нага, аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ Владимир Агрба арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит уи ибзианы дыздыруаз афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Олег Дамениа.