Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкь арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акарантин ашьҭахь ахәаԥшцәа ирыдыргало ақәыргыламҭа зызку, аус адулара шцо.
Аҳҭнықалақь ахадара азиндырҩы Аслан Дочиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит зинда Аҟәа ахыбрақәа рыргылара аҭагылазаашьа аԥсахразы ирыдыркылараны иҟоу ашьаҿақәа, насгьы инкыланы хылаԥшрада иҟоу анхарақәа рызҵаара шҳәаақәҵахо атәы.
Аԥсны Апедагогикатә институт аиҳабы Ирина Кәакәаскьырԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аԥсуа бызшәа арҵара арманшәалара иазку аконцепциа "Аԥеиԥш" алагалара ахьазгәарҭо, уи азы лшарас иҟоу.