Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Возба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит амшцәгьа аан аԥхасҭа зауз араион ауааԥсыра цхыраарс ирыҭоу атәы.
"Ашацкыра апоетцәа" алитературатә еилазаара еиднакылеит иахьа апоезиеи апрозеи знапы алаку арҿиаҩцәа ҿарацәа быжьҩык, урҭ иреиуоу Дырмит Габалиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аилазаара аԥсҭазаара атәы, уи хықәкыс инанагӡало.
Ренат Ԥачалиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны акыраамҭа имҩаԥымсуаз ашьапылампылтә чемпионат ахацыркразы акомандақәа имҩаԥыргоз аусура атәы, насгьы уаанӡа ирымаз афинанстә проблемақәа рыӡбара шалыршахаз.
Ԥхынгәы 24 рзы ашәҟәыҩҩы, апублицист Даур Наҷҟьебиа иазгәеиҭоит 60 шықәса ихыҵра. Аиубилиар арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашәҟәҩыра дшалагаз, ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа мап зацәыркуа, иирамш азгәаҭара бзиа изыимбо.