Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиаԥҳа еиҭалҳәеит Галтәи агуманитартә коллеџь аусушьа атәы

© Foto / предоставлено Гундой КварчияГунда Кварчия
Гунда Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Галтәи агуманитартә коллеџь аҿы абитуриентцәа занааҭқәас ирыдыргало, насгьы сынтәатәи аушьҭымҭацәа рҵарашықәс шхыркәшахаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ари аколлеџь аиҳабы Гәында Кәарҷиаԥҳа.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәарҷиаԥҳа Галтәи агуманитартә коллеџь иазкны

"Алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа хышықәса аҵара рҵон, сынтәа 15-ҩык ауҳашьҭит. Еиҭа иҳамоуп аҳасабеилыргаҩцәа, урҭ шықәсык аҵара рҵоит, уа 12-ҩык ауҳашьҭит, еиҭа иҭҳажьит автомеханикцәа, иҳамоуп икьаҿу акурсқәагьы, аелектрикцәеи ахәыҟаҵаҩцәеи ахьазыҟаҳҵо. Уажәы Гал аладатәи ахәҭа аҟынтә иҳамоуп арҵаҩцәа, ажәбатәи акласс ала иазыҟаҳҵоит, аҵаратә процесс урҭ ашколқәа рҟны аурыс бызшәахьы иахьиагахаз азы. Ҽааны ажәабатәи акласс азы иазыҟаҳҵоит, анаҩс – ажәеизатәи, убыс иазыҟаҵахоит арҵаҩцәа зегьы. Аколлеџь аҿы аремонттә усурақәа мҩаԥгахоит, уи ашьҭахь иаартхоит азанааҭ ҿыц ахәыҟаҵаҩ-ахааҟаҵаҩ. Цәыббрамзазы иаартхоит ауҭраҭых ааӡара иадҳәалоу акурсқәагьы, урҭ хымз ицалоит. Араион ахада ҿыц ҳиҳәарц ҳгәы иҭоуп адгьыл хәыҷык ҳаиҭарц, атеплица аҟаҵаразы, ҳхәыҟаҵаҩцәа рзы ауҭраҭых ҳхала иааҳрыхуа аҟаҵаразы", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәарҷиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0