Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥстазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит иаалырҟьаны араион ауааԥсыра реизараҟны излацәажәаз, аилибакаара залыршахо атәы.
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчра нагӡа змоу аҷыдалкаатәи Ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Шьамтәыла ахада дышидикылаз, реиԥылараҟны излацәажәаз атәы.
Аԥсны амаининг ахархәаразы иҟоу агәаанагарақәа, алшарақәа, уи ирызку аиҳабыра рықәҵара анагӡашьа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ари азҵаара ҭызҵаауаз ажурналист Бадраҟ Аҩӡба.
Аӡҩыбжьа ақыҭа ауҭраҭых ааӡаразы абиогазтә технологиала арԥхарҭа аргыларазы алшара шиоуз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит анхаҩы Ҳаџьараҭ Ашәба.