Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба Аӡҩыбжьа ауҭраҭыхааӡарҭа аиҿкаара алшаразы: ҳшымгәыӷуаз иҟалаз усуп

© Foto / предоставлено Хаджаратом АшубаХаджарат Ашуба
Хаджарат Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡҩыбжьа ақыҭа ауҭраҭых ааӡаразы абиогазтә технологиала арԥхарҭа аргыларазы алшара шиоуз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит анхаҩы Ҳаџьараҭ Ашәба.
Ашәба Аӡҩыбжьа ауҭраҭыхааӡарҭа аиҿкаара алшаразы: ҳшымгәыӷуаз иҟалаз усуп

Ақыҭанхамҩеи ақыҭа арҿиареи рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи Европатәи Аидгылеи еицымҩаԥырго апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аицлабрахь зыпроект назышьҭыз, уи аҟны аиааира згаз жәаҩык дреиуоуп Ҳаџьараҭ Ашәба. Аицлабратә программа хацыркын ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы. 77 проект рҟынтәи жәаба алхын, урҭ аԥсҭазаара иаларҵәахоит ҳәа мышқәак раԥхьа ашәҟәы рыҭан апроектқәа рыԥшәмацәа.

"Апроект анрыдыркылоз Аԥсны иҟам, иаҭаху, ахшыҩҵак ҿыц злоу алырхуан. Ауҭраҭых аарыхразы арԥхарҭа ахатә ресурс ала аҽарԥхо ҳәа ауп ишысыҩҩыз апроект, убри аҟынтәи аиааира агеит. Ауҭраҭых аӡын аарыхразы арԥхарҭа ма афымцалашара, аӡырԥха ухы иаурхәароуп, ма даҽа ресурск. Ҳара абиогазтә шьақәгылага аҟынтәи иҳауа агаз ҳхы иархәаны арԥхарҭа аҟаҵара ҳгәы иҭоуп. Адгьыл анаало ҳәа игәарҭараны иҟоуп, уи аҟынгьы ацхыраара ҳарҭоит. Аҭыԥ уамак амҽаханакӡом, 600 метра ирҭаӡо ҳәа ҳгәы иҭоуп ԥышәарак аҳасабала", - иҳәеит Ашәба.

Иара еиҭеиҳәеит апроект шаҟа мааҭ артәо, уи аԥсҭазаара аларҵәаразы аамҭас иазгәарҭо атәы.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0