Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какоба: иахьагьы сыбла ихгылоуп, Ацҳа ҟаԥшь аҟны алабақәеи аигәышәқәеи зкыз ахацәа

© Sputnik / Марианна Кубрава Адгур Какоба
Адгур Какоба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу Адгәыр Какоба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аибашьра раԥхьатәи амш игәалашәараҿы ишаанхази, уи ажәабжь шиаҳази ртәы.
Какоба: Ацҳа ҟаԥшь алабақәеи аигәышәқәеи зкыз ахацәа иахьагьы сыбла ихгылоуп

"Нанҳәамза 14 ААУ имҩаԥысуан аҭаларатә ԥышәарақәа. Сҩыза гәакьа Валери Делба, анаҩс иара дҭахоит аибашьраан, аԥышәарақәа аиҭар акәын, уи ҳшизыԥшыз абџьар кны ар маҭәа ишәҵаны дааит. Анаҩс, иаргьы саргьы ҳаиманы Ачадара аԥсуа аполк еиҿкааны иахьыҟаз ҳааны абџьар ҳгеит. Уи ашьҭахь ҳамҩа хан Ацҳа ҟаԥшь ахь, еиҭа гәыԥҩык арԥарцәагьы ҳацын. Сара уаанӡа иҟаз аиҿагыларақәа реиԥш ак ҟалеит ҳәа сахәаԥшуан. Раԥхьатәи иҭахаз аҷкәынцәа анаҳба еилаҳкааит, иҳажәлаз рхықәкы шҵаулаз. Ацҳа ҟаԥшь аҿы ҳаннеи алабақәеи аигәышәқәеи зкыз ахацәа рлакҭа, иахьагьы сыбла ихгылоуп. Раԥхьатәи аҿагалыраҿы аԥсуа гвардиа ҳәа еиҿкааны иҟаз, хатәгәаԥхараала иалалазгьы, егьыс арра зхызгозгьы аҿар ргәымшәара хадараны иҟалеит ҳәа сгәы иаанагоит анаҩстәи аибашьра амшқәа зегьы, иара аиааира ахыркәшарахь инаӡаанӡагьы", - еиҭеиҳәеит Какоба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0