Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арӡынба: Аԥсны азакәан амч ӷәӷәахар, Ҭырқәтәылантәи нхара иаауа ҳауаажәлар рацәахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРахми Ардзынба
Рахми Ардзынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылантәи забдуцәа рџьынџь ахь нхара ихынҳәыз Аҟәа араион Ачадара акыҭаҟны инхо Раҳми Арӡынба арадио Sputnik аефир ала ицо арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟнытә" аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны инхашьа-ибзазашьа атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Арӡынба Ачадара ақыҭаҟны ибзазашьа атәы

"… Зны сҩызак Ҭырқәтәылантә даан ус сеиҳәеит: "Ақыҭаҟны унхоит, арахь акәтаӷь умаӡам, аӡәы дузааиргьы ирҿоумҵои, узлақыҭауаҩи акәты умамзар?" - ҳәа. Абас сеиҳәан, сирԥхашьеит. Акәтааӡара сыздыруам анысҳәа, уи азы аҵара аҭалара аҭахым иҳәеит… Нас саалаган аинкубатор аазгеит Ҭырқәтәылантәи, акәытқәа анысҵеит… Аԥсназы ухы иаурхәозар иҟауҵо аус ыҟоуп. Уаҳа акгьы узыҟамҵозар, ахш узҭо ажә ааухәаргьы – уабоит. Иугәамԥхо аус ауп иуадаҩу, иуҭахымкәа иҟауҵо", - иҳәеит Арӡынба.

Ҭырқәтәылеи Аԥсныи ақыҭаԥсҭазаашьа еиҿырԥшуа иазгәеиҭеит аашьаҩцәа зегьынџьара ишеиԥшу. Раҳми еиҭеиҳәеит амедицинатә цхыраара аниҭаху иахьиоуа атәы, иара убас Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа арахь нхара раара иаԥырхагоу ҳәа ииԥхьаӡо атәы.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0