АрадиоИкьаҿу ахьарԥш аиура
309 0 0
https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images/07e4/0a/03/1031045426.jpg
Sputnik Аҧсны
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo.png
Sputnik
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo.png
https://sputnik-abkhazia.info/radio/20201006/1031054362/apuaa-COVID--19-azy-ushaymgyua-irlas-iioit-akha-agkazhra-alaom.html
Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩ Арда Џьапуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ачымазара COVID- 19 лоуит ҳәа лгәы ианаанага раԥхьатәи шьаҿақәас иҟалҵаз, ахәшәтәра лҭаацәеи лареи шахысуа, иарбан удаҩрақәоу ачымазцәа ирызцәырҵуа.
"Аханатә шоура сымаӡамызт. Ачымазара асимптомқәа рҟнытәи аимҳәа мацара ауп аԥхьа исымаз. Раԥхьатәи амшқәа рзы зынӡа имаҷны сеимҳәон, аха ахԥатәи-аԥшьбатәи амшқәа рзы лассы-ласс иаҳагьы иӷәӷәаны аимҳәара салагеит. Аԥшьбатәи амш азы арентген аныҟасҵа, аҳақьым илгәамԥхеит илбаз. Ари ачымазара ушақәымгәыӷуа ирласны иҿиоит, уи ауп еиҳарак ишәарҭоу", - лҳәеит Џьапуаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ихадоу атемақәа

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10608-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8224-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 152-ҩык.
7

Мусса-Ачитара ашәҩатә трассаҿы асыԥса леит, ашьхашәҩатә маругақәа қьырала иахьрырҭо аҭыԥқәа ҩба сыла ихнаҟьеит.
6

Ҭаацәаныла аԥсшьаразы аотельқәа рҿы иазԥхьагәаҭахоит "зегьы алоуп" захьӡу аҭырқәа формат.
13