"Адунеи абызшәақәа зегьы уадаҩрақәак рымоуп, иҟоуп иахьеиԥшу, хаз ҷыдала иахьыҟоу. Ҳара ҳҭагылазаашьаҟны астереотипқәа рацәаны иҟоуп аԥсуа бызшәа уадаҩуп анаҳҳәо. Иаҳҳәап, ахәыҷы иааӡашьа узымдыруазар, иааӡара уадаҩуп уҳәоит. Ажәеинраала аҩышьа уламзар уи уадаҩуп уҳәоит, ус дшоуп ауаҩы. Апроблема анаҳҳәа, иузымӡбо ыҟаӡам. Иара ҳаԥсуа бызшәагьы иаҳзымӡбо проблема амаӡам. Иӡуа абызшәақәа ҳархыԥхьаӡалоуп, урҭ иреиуоуп ҳбызшәагьы ҳәа зҳәо срықәшаҳаҭым. Иуадаҩуп анаҳҳәо ҳазлацәажәо аметодологиа ауп, арҵашьа амҩақәа роуп. Иҳаԥшаама адунеи аҟны аус зуа, алҵшәа бзиақәа аазырԥшыз аметодикақәа? Иҳалшо ҟаҳҵоит, аха уи ахәаӡом, адунеитә ԥышәа аус арутәуп", - иҳәеит Габалыиа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ахәыҷқәа рзы: аԥсуа бызшәа аҵара аметодика ҿыц ӡыргоуп
-
Сақаниаԥҳа аҩышьаԥҟарақәа рыԥсахразы: абызшәа акәалаԥ иузҭакӡом, уи ианыруа рацәоуп