Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сангәлиа аԥсуа сериал "Алахьынҵа" азы: ҳазыԥшымызт ас ауаа ирыдыркылап ҳәа

© Foto / предоставлено Саидом СангулияСаид Сангулия
Саид Сангулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа аҿиара иазырхоу апроект ала имҩаԥысуеит асериал "Алахьынҵа" аҭыхрақәа. Апроект автор, арежиссиор-ақәрыгылаҩ, Саид Сангәлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит гәыԥҩык аҿар асериал аҭыхра шаԥшьыргаз атәы.
Сангәлиа аԥсуа сериал "Алахьынҵа" азы: ҳазыԥшымызт ас еиԥш ауаа ирыдыркылап ҳәа

"Аинтернет сериал аԥҵара схала исмыӡбеит, дсыцхрааит Мран Алҭеиба. Апроект иаалырҟьан иӡбоу ак акәӡам, акыраамҭа ҳазнеиуан. Ибзиангьы еилаҳкаауан ауадаҩрақәа рацәаны ҳшызцәырҵуаз, еиҳарак атехника аганахьала. Ҟәрышьқәак ааилаԥсаны иааҳхәеит амикрофонқәа уҳәа зыда ԥсыхәа ыҟам атехника. Иара ҳбызшәала иҭҳажьырц ҳҭахын, избанзар, аԥсшәа аӡыргара иацхраауеит. Асериал арԥыси аҭыԥҳаи рыбзиабара иазкуп. Сериак 5-7 минуҭк раҟара ицалоит, х-сезонк рыла ишьақәгылазаауеит, сезонк аҿы жәа-сериак ҟалоит. Асериал асоциалтә даҟьақәа рҿы уахәаԥшыр улшоит. Уаҟа ихәмаруа актиорцәа аҟазара злоу, абызшәа бзианы издыруа роуп, иҟоуп аҿар, хымԥада, аҟазара злоу, аха рбызшәа хьысҳауп, убри аҟнытә иаҳа иззымариоу аалаҳхын, аҭыхрақәа ҳрылагеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сангәлиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0