Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Орчыҟәба Закан Агрба изы: зажәа ҳәаз напхгаҩны сгәалашәараҿы даанхоит

© Foto / предоставил Валерий ОрчукбаВалерий Орчукба
Валерий Орчукба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рмилаҭтә хақәиҭратә қәԥара иалахәыз, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, агазеҭ "Авангард" аредактор хадас иҟаз Закан Агрба иааигәаны дыздыруаз, аус ицзухьаз Валери Орчыҟәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи игәалашәраҿы дшаанхо атәы.
Орчыҟәба Закан Агрба изы: зажәа ҳәаз напхгаҩны сгәалашәараҿы даанхоит

Абҵара 20 рзы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит гагратәи араионтә газеҭ "Авангард" аредактор хадас иҟаз, аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалахәыз Закан Агрба.

"Гагра ауааԥсыра рхаҭарнакцәа ирҩыз ашәҟәала, Қарҭ азин ылхны, агазеҭ "Авангард" аԥсуа ҟәша аартра алыршахеит. Уи аредакторс дҟалеит Закан Агрба. Иара иус ҭакԥхықәрала дазнеиуан, инапы ианыз наигӡон. Закан Агрба инапаҵаҟа иҟан агазеҭ х-ҟәшак: аԥсшәа, аурысшәа, ақырҭшәа. Абарҭ зегьы аҟәшақәа редактор хадас дрыман, алеишәагьы ӷәӷәаны икын. Усҟан агазеҭ мчыбжьык ахь хынтә-ԥшьынтә иҭыҵуан, атиражгьы 10 нызқь рҟынӡа иҟан. Иареи сареи акыршықәса агазеҭ аҿы аус еицаауан. 1988-1989 шықәса рзы иҟаз ахынҭаҩынҭалара ҳусураҿы даара ԥырхага ҳнаҭон. Даара шьаԥҿаршә ирҭон, аха урҭ зегьы иҽамҭакәа иҽырӷәӷәаны хадара ҳзиуан", - ҳәа еиҭеиҳәеит Орчыҟәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0