Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәымба Мира Инал-иԥа Аԥсны аҭоурых иазку лышәҟәазы: хәыҷгьы дугьы рзы еилыккоуп

© Foto / предоставлено Гурамом ГумбаГурам Гумба
Гурам Гумба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Археолог, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Мира Инал-иԥа Аԥсны аҭоурых иазку лышәҟәы ӡырган Аҟәа. Уи зызку, насгьы иарбан зҵаарақәоу ашәҟәаҿы ицәыргоу арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Гурам Гәымба.
Гәымба Мира Инал-иԥа Аԥсны аҭоурых иазку лышәҟәазы: хәыҷгьы дугьы рзы еилыккоуп

"Ашәҟәаҿы аԥсуа жәлар рҭоурых ажәытәӡатәи инаркны 1864 шықәса аҟнынӡа аамҭа аарԥшуп. Аԥсуа жәлар иахьатәи ҳҭагылазаашьаҿы ари ашәҟәы- ҳамҭа дууп. Ас еиԥш ашәҟәы, ахәыҷы изгьы, аду изгьы еилыкка, еизакны, Аԥсны аҭоурых абасҵәҟьа иҟаҵаны макьана ҳара иаҳмоуцызт. Ҳәарада, аҭоурых иазку ашәҟәқәа ыҟоуп, аха абас иааизыркәкәаны, зегьы еилыркаартә иҳамамызт. Сгәаанагарала, ари ашәҟәы ашколқәа рҿы иахысроуп. Аԥсны аҭоурых азнеишьа аконцепциақәа ыҟоуп еиуеиԥшым, аха араҟа аԥсуа жәлар рҭоурых аарԥшраҿы, адунеи жәларқәа рҿы исубектны ишыҟаз, иара аҿиарагьы егьырҭ ажәларқәа иргәылакны, аха иара ахатәы ҿиара шамоу, ахатәы ҭоурых шамоу ҳәа иналкааны иаарԥшуп", - еиҭеиҳәеит Гәымба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0