Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Григолиаԥҳа еиҭалҳәеит ашықәсҿыцаз аԥсшьаҩцәа Аԥсны радыԥхьаларазы иҟарҵо

© Foto / предоставлено Эсмой ГриголияЭсма Григолия
Эсма Григолия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асанатори "Самшитовая роща" аменеџьер Есма Григолиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ашықәсҿыцазтәи аԥсшьарамшқәа рзы рсасааирҭа ахарҭәаара зеиԥшроу атәы.
Григолиаԥҳа аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа радыԥхьаларазы: еиуеиԥшым ахәԥҵақәеи акциақәеи рыбзоурала

"Иахьазы 300-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра аҿаҵа рымоуп, аха џьоукы аԥара аармышьҭыцт, убри аҟынтә ари ахыԥхьаӡара аҽаԥсахыр ҟалоит. Ауаа шәоит аҳәаа дыркыр ҳәа, мамзаргьы ичмазыҩхар ҳәа. Ҳара иҳамоуп имаҷымкәа атарифқәа аԥсшьаҩцәа асасааирҭа иадзыԥхьало. Аԥхын аамҭазы ҳара ҳҿы зыԥсы зшьоз ирыдаагалоит аӡынтәи аԥсшьарагьы, ҳарзасны ирзеиҭаҳҳәоит иҳамоу акциақәа ртәы. Асоциалтә ҳақәа рҿы иӡыраагоит ҳдаҟьа, уаҟа ианаҳҵоит ҳсасааирҭа иазку анформациа зегьы. Ҳсасааирҭаҿы иҟоуп ичмазаҩу ауаа ргәабзиара еиҭашьақәдыргылар ахьрылшо ауадақәагьы, уигьы иаднаԥхьало маҷҩым", - азгәалҭеит Григолиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Ашықәс ҿыц азы аԥсшьараз Аԥсны урыстәылаа еиҳа иалыркаауа хырхарҭахеит
Ажәабжьқәа зегьы
0