Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәын "Кьараз" ашықәстәи аусура аихшьалазы: ачымазара ҳапланқәа зегьы еиԥнарҟьеит

© SputnikКадыр Аргун
Кадыр Аргун - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашықәс азы имҩаԥгаз аусура атәы.
Аргәын "Кьараз" ашықәстәи аусура аихшьалазы: ачымазара ҳапланқәа зегьы еиԥнарҟьеит

"Ирацәоуп ари ашықәс азы иҳадҵааланы ацхыраара рыҭара ахьҳалымшаз. Ачымазара ҳапланқәа зегьы еиԥнарҟьеит. Ҳара хылаԥшра заҳҭо ачымазара аныҟала инаркны ҳусуҩцәа зегьы дареи аимадара рыбжьарҵеит, еилыркаауан рҭагылазаашьа шыҟоу. Апандемиа аамҭазы иаҭаххеит аволонтиорцәа агәабзиарахьчара аминистрра еиҿнакааз аҭелтә цәаҳәазы, иара убас зхала инхо зықәрахь инеихьоу ауааԥсыра дара ахьынхо аҭыԥаҿ ахәшәқәеи афатәқәеи рызнагатәхеит. Иҳадҵаалоз ауааԥсыра рацәан, ҳалшарақәа рыла ҳаизибархаӡомызт аҟнытә адгылара ҳҭахын, уи иақәҿызҭыз рацәахеит. Еиҿкаахеит фатәыла ауааԥсыра реиқәыршәара аус. Араионқәа зегьы рахь аволонтиорцәа рмашьынақәа рыла иҳашьҭуан еизгахоз зда ԥсыхәа ыҟамыз афатә. 1000 инареиҳаны ҭаацәара убри аамҭазы еиқәыршәахеит фатәыла. Ақыҭанхамҩа апрограммала 500 инареиҳаны ҭаацәара ажәлақәеи аиҭаҳатәқәеи рыла еиқәҳаршәеит, урҭ анаҩс дара рхы иацхраарцаз фатәыла", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аргәын.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0