Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гамгьиа COVID-19 зыхьуа ачымазцәа рзы: Гал иахьышьҭаҳҵо аҭыԥ ҳамаӡам

© Foto / предоставлено Астамуром ГамгиаАстамур Гамгиа
Астамур Гамгиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Галтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гамгьиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит ачымазара ҿкы COVID-19 аарԥшразы анализқәа аԥара рыхшәаара аҭаху иаҭахму, убасгьы русураҟны ирԥыло ауадаҩрақәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гамгьиа ачымазара ҿкы змоу рҭыԥ аҟамзаара атәы

"Аҳәынҭқарратә хәышәтәырҭақәа рҟны анализқәа хәыда-ԥсада иргоит, аха иҟоуп убас еиԥш, иаагозар, Галтәи ҳлабораториаҟны абиохимиатә анализатор аус амуеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Аусура аанымгыларц азы хаз игоу ахаҿқәа иртәу афирма ҳацҳархраауеит. Ҳхәышәтәырҭаҟны иаҳзыҟамҵо анализқәа дара иҟарҵоит, уи ахә ахшәаатәуп. Арентген араион аҟны ибзианы иҭырхуеит, уи амаруга ацифрахь аиагаразы иагу акомпонент азы ацхыраара ҳарҭарц ашәҟәы сҩырц ауп аминистррахь. Уи иаҳа иарманшәалоит аус. Иахьа уадаҩрас иҳамоу, ачымазцәа жәаҩык рҭыԥ ҟаҳҵароуп ҳәа аҳәынҭқарра ахада идҵа ҳамоуп, ахыбра ԥшааны иҳамоуп, аха аремонт азы ҳус ӡбаӡам. Иҳацхрааны 10-ҩык рҭыԥ ҳзыҟаҵазҭгьы, аҳақьымцәагьы рус иаҳа имариахон. Уажәы МРТ-аппарат ҟарҵарц ахьырҭахыз аҭыԥ аҟны апалатақәа ыҟоуп, ауаа ааины агәыр ҟарҵар ахьрылшо. Ачымазцәа ахьышьҭаҳҵо аҭыԥ ҳамам, убри аҟынтә Гәдоуҭаҟа, Аҟәаҟа иҳашьҭлароуп", - иҳәеит Гамгьиа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0