Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа Аԥсны ателемедицина аиҿкааразы иаагаз амашьынақәа ахархәара зырмоуз иҳәеит

© Sputnik / Зафас Гамгия Аслан Джопуа
Аслан Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь амедициантә цхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аҿкы чымазара аихсыӷьра русура ишаныԥшыз, насгьы ацхыраара ласы амашьынақәа рзы ирымоу ауадаҩрақәа ртәы.
Џьопуа еиҭеиҳәеит Аԥсны ателемедицина аиҿкааразы иаагаз амашьынақәа хархәарас ироуз атәы

"Ҳус хәыҷык ҳәарада, иагхеит, аԥсеивгаха ҳауит, аха ачымазара ҳаиааит, ҳаилгахьеит ҳәа уҳәар ҟалом. Сгәаанагарала, ачымазара зхызгахьо маҷӡам, дара зегьы аамҭалатәи иммунитетк рымоуп, уи ауп аҿкы иааԥкны изымҿио, аха мызқәак аныиаслак, изхызгаз риммунитет анԥсыҽхалак, ҿыцны ирыхьыр ауеит. Ачымазарагьы ҿыцны иҵысыр ауеит. Макьана ачымазара аҽацәыхьчара аҭахуп, ари иатәамбаӡакәа азныҟәара ауӡом. Ачымазара ҳаиааит уҳәар ҟалоит уаҳа ахы азмырҵысуа имыҿио ианыҟалак ашьҭахь", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.

Аҟәатәи ацхыраара ласы аҳақьым хада иҳәеит избан 2018 шықәса рзы Аԥсныҟа иаагаз ателемедицина аусуразы амашьынақәа рхы иадырхәартә еиԥш изыҟамла.

"Ателемедицина ҳәа изышьҭоу иадҳәаланы иаагаз амашьынақәеи уа ирҭагылоу атехникеи ацхыраара ӷәӷәа ҳанамҭеит, избанзар раионцыԥхьаӡа машьынак-машьынак роуит. Амашьана техникала еиқәыршәаны иааганы иургылеит ҳәа ателемедицина аус ауӡом. Иҟалар акәын амашьынақәа русура зегьы еидызҳәало центрк. Убри ашьҭахь амашьынақәа рҿы аимадара шьықәыргыланы онлианла амашьынеи ацентри еидҳәаланы ианыҟалалак, усҟан акәын аусура алҵшәа аманы ианыҟалоз, аха ус еиԥш залмыршахеит, избан - сара исызшәаҳәом", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0