Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аӡынԥҳа еиҭалҳәеит аԥсуа тәылауаҩра аиуразы аԥышәарақәа шымҩаԥысуа

© Sputnik / Томас ТхайцукАдзынба Гунда
Адзынба Гунда - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
Анапаҵаҩра
Милаҭла иаԥсыуаам, аха Аԥсны нхарҭа ҭыԥс иалызххьоу атәылауаҩшәҟәы роурц азы Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрраҿы аԥсуа бызшәа аԥышәара иахысроуп. Атәылауаҩшәҟәы аиураз аԥышәарақәа ркомиссиа алахәыла Гәында Аӡынԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит уи иацу ауадаҩрақәа.
Аӡынԥҳа аԥсуа тәылауаҩра аиуразы аԥышәаразы: ашьҭахь, ҩымш хымш ҳшьара ҳақәӡам

Есымза аҵареи абызшәатә политикеи рминистрраҿы аҧсуа бызшәа аҧышәара мҩаԥысуеит милаҭла иаԥсыуаам, ҳтәыла иатәылауаам, аха Аԥсны нхарҭа ҭыԥс иалызххьоу атәылауаҩшәҟәы роурц азы.

"Даара агәыԥжәара ҳхаҳгоит аиашазы, аԥышәара ашьҭахь, ҩымш хымш ҳшьара ҳақәӡам, избан акәзар, реиҳа изыумҭаша ауаа ирыцны иаауа аԥсуаа роуп, ишцәажәоугьы даара угәы унархьыртә иҟоуп. 27 шықәса заҵәык роуп иҵхьоу, аԥсуа ҷкәынцәа, аԥсуа ҿар абриаҟа аибашьра зхызгаз рхашҭны, дара ринтересқәа рзы, иахьатәи аамҭа иашьашәалоу, аԥара арҳаразы, ишакәхалак атәылауаҩра ҳазраҭандаз ҳәа рхатәы интересқәа ирышьҭоуп, иазхәыцӡом уи наҟ-наҟ иахылҿиаар зылшо. Сара изныкымкәа исҳәахьеит, егьырҭ амилаҭқәа изышәымҵои ҳәа анраҳҳәалак, "ҳа ҳакәым, шәара ишәҳәаӡом, зны шәара шәара шәҭқәа рҵааит, нас ҳара иаҳҵоит" ҳәа иааҳҿаркуеит. Нас ԥыҭрак ашьҭахь ҳанырзаслак, шьҭа шәазыхиазар, шәааи аԥышәара аҭара ҳәа, "шәхы шәмыргәаҟын, ҳара иҳарҭахьеит атәылауаҩра" ҳәа аҭак ҳарҭоит", - азгәалҭеит Аӡынԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0