Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҩӡба Гәдоуҭа араион иҟоу Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду абаҟақәа рҭагылазаашьазы

© Foto / предоставлено Валерием АвидзбаВалерий Авидзба
Валерий Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валерии Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит лаҵарамза аныҳәатә мшқәа рзы араион аҿы иазгәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҩӡба Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду абаҟақәа ирызкны

"Иаԥҵоуп ҷыдалатәи акомиссиа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан игаз Аиааира амш ныҳәа азгәаҭаразы. Ақалақь аҿы иҳамоу ашколқәа хәба рҵаҩцәа алархәны ҳгәы иҭоуп аусмҩаԥгатә аиҿкаара. Абыжьбатәи Урыстәылатәи абазеи ҳареи ҳаилахәны араион аҿы иҟоу ҩыџьа аветеранцәа ҳарҭаарц азгәаҭоуп. Дара рыбзоурала арратә оркестргьы ақалақь иалсуеит аибашьратә шәақәа арҳәо, анаҩс Дәрыԥшь ақыҭан имҩаԥгахоит аҽырыҩра. Абаҟа аԥхьа ишьҭаҵахоит ашәҭшьыҵәрақәа. Дара абаҟақәа рхаҭақәа ракәзар, рыбжеиҳан аиҭашьақәыргылара рҭахуп. Урҭ шамахамзар, қыҭацыԥхьаӡа игылоуп, аха зынӡа игәыгәҭыжьны иҟоуп ҳәагьы узҳәом", - еиҭеиҳәеит Аҩӡба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0