Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шамугьиа Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҟны аусурақәа ахьынӡанагоу атәы

© Foto / предоставил Рауль Шамугия Рауль Шамугия
Рауль Шамугия - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Анапаҵаҩра
Аргыларатә фирма "Тҟәарчаларгылара" аиҳабы Рауль Шамугьиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит араионтә хәышәтәырҭаҟны аргыларатә усқәа ахьынӡанагоу, ахархәарахь рыҭаразы аргылаҩцәа ҽҳәарас ирымоу атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шамугьиа Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҟны аусурақәа ахьынӡанагоу атәы

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа аҩаша, лаҵара 11 рзы Тҟәарчал даҭааит. Уажәазы ахәышәтәырҭаҟны аҵыхәтәантәи аусурақәа ирҿуп. Аминистр илбеит аус ахьынӡанагоу, иагу–иабзоу гәалҭеит.

"Дахәаԥшит (Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр- аред.), ари амза анҵәамҭазы иҟаҵаны ахархәарахь ираҳҭароуп лҳәеит. Ҳаилацәажәеит, амза анҵәамҭазы ҳахьӡоит аҟаҵара. Ахыбра дакәшаны игәалҭеит, иҟоуп дахьҳацәҳазгьы, ииашаны иахьыҟаҳамҵаз аус ҳариашартә аамҭа ҳамоуп даҽа мчыбжьык-ҩымчыбжьа. Акаҭран ақәҵара хәыҷык ҳадхаланы ҳаҟан, аха уи иахьа иахәаԥшит, ҩымш-хымш рыла иалагар, ҳахьӡоит уигьы", - иҳәеит Шамугьиа.

Иара иҳәеит имоу адыррала лаҵара 28 рзы ахәшәтәырҭа аартра шазгәаҭоу.

Иаҳа инеиҵыхны аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0