Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Арухаа еиҭеиҳәеит жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт апрограмма шеиқәыршәоу

© Sputnik / Томас ТхайцукДенис Арухаа
Денис Арухаа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2021
Анапаҵаҩра
Рашәара 9 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху Жәлар рарҳәагақәа роркестр имҩаԥнагоит аихшьаалатә концерт, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы оркестр асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухаа.
Арухаа жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт азы: угәы ақәԥымҵәартә еиԥш еиқәыршәоуп

"Абжьааԥны шықәсык иалагӡаны аус здаҳулоз апрограммоуп ахәаԥшцәа ирыдаагалоз, аха аԥкрақәа ирыхҟьаны, уажәтәи, мызқәак ирылагӡаны еиқәыршәахаз ауп. Аконцерт иалахуп ҩыџьа урыстәылатәи амузыкантцәа: руаӡәы – абас-гитара аирҳәоит, егьы - ашәыршәырқәа. Ус еиԥш анҭыҵынтәи аӡәы ааԥхьара анимоу ҳаҩаӡара музыкантк иаҳасабала иаҳа ишьҭыҵуеит . Ҳажәлар ирыдаҳгало апрограмма угәы ақәԥымҵәартә еиԥш, аинтерес ӷәӷәа аиуп ҳәа ҳазхәыцны -еиқәыршәоуп. Агьамақәа реидҳәалара, реидкылара, зынӡа даҽа хәаԥшышьак унаҭоит, изгәамԥхо дҟалашт, изгәаԥхо дҟалашт, аха музыкант иаҳасабала ҳарбеиоит, иарԥшӡоит иара амелодиа", -еиҭеиҳәеит Арухаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0