Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба жәлар рарҳәагақәа роркестр имҩаԥнаго аконцерт азы: иԥсыршьагоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДенис Хагба
Денис Хагба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
Анапаҵаҩра
Рашәара 9 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Жәлар рарҳәагақәа роркестр имҩаԥнагоит аихшьаалатә концерт. Аорекстр асолист Денис Ҳагба арадио Sputnik дсасны даҭан.
Ҳагба жәлар рарҳәагақәа роркестр имҩаԥнаго аконцерт азы: иԥсыршьагоуп

"… иԥсыршьагоуп аконцерт. Ахәыҷқәа аҵара дырҵареи аконцерти узеидкылом. Сара хазны срыхәаԥшом аџаз, аԥсуа жәлар рашәақәа ҳәа, амузыка музыкоуп. Уи шуаҳауа, излеилукаауа ала иузыҟаҵозар иҟауҵароуп. Абри хырхарҭак иатәуп, даҽаџьара ииугар ҟалом ҳәа сгәы иаанагом. Сара издыруа ала, изласылшо аоркестр аҟны срыцхраауеит аҷкәынцәа. Ҳаицлабны, ҳаицхырааны акы ҳаҿуп… Амузыка ахырхарҭақәа реиларсраан зегь раԥхьа иргыланы иухашҭыр ҟалаӡом аԥсуа жәлар рмузыка аканонқәа, аԥсуарацәҟьа иатәу уахыԥар ҟалом, иухашҭыр ҟалом. Аранжировка аҟаҵараан аԥсуа жәлар рашәақәа аканонқәа уцәыӡыр, инухыр ҟалаӡом, уи ухашҭыр нас аԥсуа итәуп ҳәа рҳәаӡом, аџаз-рок иатәуп рҳәоит. Аԥсуа мотив, аԥсуа мелодиа агмыжькәа ианаало егьырҭ ацҵа ", -иҳәеит Ҳагба.

Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт иалагоит асааҭ 18 рзы.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0