Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кортаа Тамшьтәи адесант аӡхыҵразы: Аиааира амш ааигәатәразы ԥхьаҟа иҳахеит

© Foto / предоставлено Эриком КортаваЭрик Кортава
Эрик Кортава - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2021
Анапаҵаҩра
1993 шықәса ԥхынгәы 2 рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа амшын аԥшаҳәаҟны аԥсуа десант ӡхыҵит. Аибашьра аветеран Ерик Кортаа адесант аӡхыҵра иадҳәалаз ахҭысқәа игәалаиршәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Кортаа Тамшь адесант азы: Аиааира амш ааигәатәразы ԥхьаҟа иҳахеит

"Ииуль аказы ахәылбыҽха Заза Занҭариа игәыԥ "Каҭран" иалаз иҳарҳәеит ашарԥазы Тамшь адесант ҳаԥылоит ҳәа.  Заза Занҭариа игәыԥ аҿы Тамшьааи Рекааи ҳакәын иҟаз, 25-ҩык инарзынаԥшуа ашьыжь асааҭ 4 рзы Тамшьтәи амҩаду хада ҳахыҵын, абаржа аԥылара ҳцеит. Амҩан зехьынџьара ақырҭцәа рпостқәа гылан, ашкол авараҟны абжьҟьарҭа ԥшааны ҳцеит. Амшын ҳаназааигәаха аимадара ыӡит иҳамаз арациаҟны… Абаржа шадгылаз Очамчырантәи игәарҭан ахысра иалагеит… Абаржа хәбаҟа метра инаскьахьан аԥшаҳәа аҟынтәи Одик Қәычбериа дыԥаны "Град" зықәгылаз амашьына ду дақәтәаны, амшын дҭаланы ианалигоз. Асааҭ фба рзы Тамшь ашкол аҟны аиҿахысрақәа ҳрылагахьан. Шьыбжьоншәа ахәра соуит, Аԥсны Афырхаҵа Иура Қәычбериа дсывыршьааит, Зурик Қәычбериа дҭахеит, Рекатәи Ҭарба ҷкәынаки Донецктәи аҷкәын иҳацызи рхәит", - иҳәеит Кортаа.

Ԥхынгәы 2 1993 шықәса рзы Тамшь ақыҭан иӡхыҵит 300-ҩык инарзынаԥшуаз аԥсуа десант. Мрагыларатәи афронт аибашьцәеи Гәдоуҭантәи иӡхыҵыз адесант аибашьцәеи иааныркылеит ақырҭуа ари аџьаԥҳани злаиаргоз ареспубликатә мҩаду хада. Адесант азеиԥш напхгара азиуан Заур Зарандиа. Уи хықәкы хадас иаман астратегиатә ҵак ду змаз, Аҟәаҟа ицоз амҩаду аанкылара. Иарала акәын абџьари аруааи зламҩаныргоз, уи адагьы ақырҭуа ар реиҳабыра Мрагыларахьтәи афронт ахь рымчқәа реиҳара ииаргар акәхеит. Уи иалнаршеит аԥсуа ар Мраҭашәаратәи афронт ахырхарҭала лҵшәа бзиала ажәыларақәа рымҩаԥгара.

Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара аудиофаил аҟны ишәаҳар шәылшоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0