Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Адлеиба еиҭеиҳәеит асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аушьҭымҭацәа реихьӡарақәа ртәы

© Sputnik / Томас ТхайцукАмиран Адлейба
Амиран Адлейба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҵараируҭа аушьҭымҭацәа русумҭақәа рыхьчара шымҩаԥысызи урҭ рбаҩхатәреи атәы.
Адлеиба еиҭеиҳәеит асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аушьҭымҭацәа реихьӡарақәа ртәы

Х-факультетк иалгеит аҟазара злоу, узықәгәыӷша 24-ҩык ахәыҷқәа, иҳәеит Адлеиба арадиоефир аҿы.

"Амҿлых гәыгәҭажьны иҟоуп, убри хьаас иҳамоуп, ҳәарада, аихалых, акыцлых, абас еиԥш иҟоу аԥсуаа ҳдоуҳатә культураҿы иаҳцәыхарам, ауарҳалқәа рыҟаҵара, амилаҭ ҟазшьа зныԥшуа иазхьаԥштәуп. Аушьҭымҭацәа русумҭақәа ахәшьара рызҭоз иазгәарҭеит, аҵараиурҭа ганрацәала ишышьақәгылаз. Аԥшшәы азҵаара ииашан ишьақәгылоуп. Уи иаҵанакуа аклассика инаркны иахьанӡа адунеи аҿы имҩаԥысуа аҟазшьақәа азхәыцра бзианы иҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Апластика атәы ҳҳәозар, аскульптураҿы убригьы ииашаны амҩа иқәуп. Карандашьла аҭыхра иҵегьы иӷәӷәазар ҟалон. Уи ус инадыххылан иҟауҵо ак акәӡам, убра хәҷык ҳаԥсыҽуп", -иҳәеит Адлеиба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0