Ԥхынгәы 26-27 ауха Аԥсны ақәа ӷәӷәӷа леит, аӡқәа хыҵит. Аӡиасқәа ҩ-метрак еиҳаны иахьышьҭыҵыз ыҟоуп. Гәдоуҭа араион аҟны 350 ҩны аӡы рыҵалеит.
"Ҳааигәара иҟоу аӡиас хәыҷуп, аха ишьҭыҵлоит. Есымшагьы ҳазхәыцуеит, ҳашьклаԥшуеит, аха ари аӡхыҵра акы еиԥшымкәа иҟалеит. Аӡы ашьҭыҵра иалагеит ирласны, иаразнак ахәыҷқәа аҩбатәи аихагылахь иаҳгеит. Егьыс иҳамаз зегьы актәи аихагылаҿы ишгылаз иаанхеит, акызаҵәык ҳзымыхьчеит. Актәи аихагыла зегьы аӡы ҩналеит, аԥынџьырқәа рыла идәықәлеит. Ахәыҷқәа ҳаманы ахыб ахь ҳхалап ҳәа ҳазхәыцуан, избанзар, аӡы аҩбатәи аихагылахь идәықәларц аҽазнакит. Актәи аихагылаҿы игылаз зегьы аҩнымаҭәа, амаругақәа, атехника, зегьы ндәылганы икаҳажьит, ҳагьзахәаԥшуам... Ахәыҷқәа уамакала ишәеит, иашаанӡа ицәаӡамызт, иахьагьы хыхь иқәтәоуп. Аӡы ахьҳарԥхогьы ҳамам, шьамхахьы агәам ҳалагылоуп. Аҩбатәи аихагылаҿы ианхаз ҳашьҭаларҭақәа ҩ-уадак ада, крыфарҭоума, тәарҭоума, акгьы ыҟаӡам… Хәба-фба шықәса раԥхьа аӡы ҳаҵалахьан, аха ари аҩыза ҳамбацызт. Ара инхо аиҳабацәа ирҳәоит, ас еиԥш аӡхыҵра иақәымшәацызт ҳәа. Аӡқәа дрыцқьоит, аӡышьҭрақәагьы алыргоит ақалақь ахадара. Уажәааигәа ақәа аналага идрыцқьеит, зегьы ҳгәы ааҳарҭынчит, аха ҳзацәымцеит", - еиҭалҳәеит Жьиԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: