Суреиа Чаҳа: Аԥсныҟа смаар срыцҳахон, минуҭкгьы сахьымхәыц

© Sputnik Сырма Ашуба Сурея Чаха
Сурея Чаха - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Бандырма ақалақь аҿы инхоз, хылҵшьҭрала иубых ҭыԥҳау Суреиа Чаҳа шықәсқәак раԥхьа Аԥсныҟа нхара ҳәа дааит. Аубых ҭыԥҳа лҭоурых Сырма Ашәԥҳа лматериал аҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аамҭа еиҭасрақәа иргәылсны иаауа аҭоурых ахааназы ашьҭа арӡӡом. Аԥсадгьыл ануԥхьо, уи иаҿоу агәашәқәа гәыблыла иаатуеит мчымхарыла зџьынџьдгьыл иахыгаз ҳаешьаратә жәларқәа рзы.

Исмет Ардан - Sputnik Аҧсны
Исмеҭ Ардан: сахьцалакгьы аԥсыуак ихабар саҳауазар ҳәа сашьҭан

Ауаҩытәыҩса даниз инаркны ишьа-ида иалоу иабацәа рабдуцәа ргәыбылра, дахьыҟазаалакгьы ахы инардыруеит. Ҭырқәтәыла, Бандырма ақалақь аҿы инхоз, хылҵшьҭрала иубых ҭыԥҳау Суреиа Чаҳа, акрааҵуан Аԥсныҟа аара, аԥсуаа рбара лҭахыижьҭеи. Ҩышықәса раԥхьа инаӡеит лыгәҭакы. Иахьа, аӷьараҳәа дынхоит, аусгьы луеит Аԥсны.

"Сара Адаԥазар ақалақь аҿы сиит. Уаҟа аԥсуаа рацәаҩны инхоит. Схәыҷы аахыс ҩызцәаз исымаз дара ракәын. Сара, аублаа сырхылҵышьҭроуп. Сани саби цәгьа ргәы иалан рхатәы бызшәала иахьзымцәажәоз, игәныргон. Аха, усҟантәи аамҭа џьбара реиҳабацәа ирзаанагаз аҭагылазаашьа рхы андырнаалар акәхеит", — абас лцәажәара хацлыркит Суреиа.

Суреиа Чаҳа, еснагь Кавказ ажәларқәа ркультура, рҵас, рқьабз дашьҭан. Ҭырқәтәыла еиҿкаау Кавказаа ркультуратә хеидкылақәа рахь дныҟәон. Лҭоурых ашьҭамҩа ааԥсарак ҟамҵакәа данын.

"1989 шықәса рзы, ҳара ҭаацәала Адаԥазарынтә Бандырмаҟа нхара ҳаиасит. Уа инхо Кавказ ажәларқәа рхыԥхьаӡара акырӡа ирацәоуп, аԥсуаа еиҳа имаҷҩуп, шәҩык рҟынӡа инаӡоит", — ҳәа азгәалҭоит аублаа рҭыԥҳа.

Суреиа лашьеи лареи шықәсқәак раԥхьа Аԥсныҟа иаахьан. Усҟан, дара иҟарҵаз ааԥхьарала, Аԥснытәи аделегациа  иахьынхоз ақалақь иаҭааит. Рхы аладырхәит акультуреи атуризми ирызкыз Жәларбжьаратәи афестиваль. Убас еиԥш ахы акит аиҭанаиааира ацҳамҩа. Уи нахыс, есышықәса ари ақалақь аҟны иазгәарҭо афестиваль ахь Аԥснынтә ааԥхьара рырҭоит. Иазгәаҭатәуп, лара лан лаҳәшьаԥа Бандырма ақалақь ахадас дшыҟоу.

Ҭырқәтәыла инхо Кьечба Сезаи, уи иԥшәмаԥҳәыс Бирсен Абыхәԥҳаи - Sputnik Аҧсны
Сезаи Кьечба: Аԥсны сцаны саанӡа акагь сумырхьын сҳәон, сгәаҳәарагь наӡеит

"Сара даара гәахәас иҟасҵоит Гәдоуҭа ақалақьи Бандырма ақалақьи аешьареи аиҩызареи ахьрыбжьоу. Ус еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа аԥхьаҟагьы иацҵалатәуп. Аибабара агәыбылра убжьанаҵоит. Еиҳаракгьы аҿар рыԥсадгьыл иазхьарԥштәуп, уи аус аҟны акультура амч ӷәӷәоуп", — лҳәеит Суреиа.

Суреи лашьеиҵби лареи Аԥсны еицынхоит, еснагь илҭахын арахь нхараҳәа аиасра.

"Схәыҷы аахыс Кавказ анхара сҭахын. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, агәаҳәара еиҳагьы исызцәырҵит, сыԥсҭазаара араҟа ашьақәыргылара. Акалагьы сахьхәны сыҟам, схы-сгәы раҳаҭӡа избоит. Иахьа, Аԥсны дсыцынхоит сара сашьеиҵбгьы", — лҳәеит лара.

Суреиа, Ҭырқәтәыла данынхоз, аресторантә бизнес лнапы алакын. Ара дахьааизгьы иаалыртит ачыс хаа ахьыҟарҵо анаплакы маҷ "Саҭанеи". Аԥхьаҟа, иҵегьы аизырҳара лгәы иҭоуп.

"Сара бзиа избоз аус Аԥсны сахьааиз иацысҵеит. Уадаҩра ҳәа акагь сымам. Сгәы иахәоит сыуаажәлар џьара акала сызрыдгылозар. Иаасыртыз анаплакаҿы аус руеит Сириантәи, Ҭырқәтәылантәи зыԥсадгьыл ахь нхара ихынҳәыз ҳашьцәа", — дҳацәажәон лхы-лгәы дақәгәырӷьо Суреиа.

""Саҭанеи" ахьӡ акәзар, ус машәыршәа иалсымхыит. Акыр шықәса раахыс Аԥсны дынхоит, ҩыџьа ахшара ран, Левенҭ Кәаӡба иԥшәмаԥҳәыс Шьаазие Ӷәыбжь. Лареи сареи ҳхәыҷы аахыс ҳаиҩызцәоуп. Лыԥҳа хәыҷы "Саҭанеи" лыхьӡуп. Издыруеит ари ахьӡ иамоу аҵакы бзиа", — лҳәеит Суреиа.

Суреиа лаб иԥсҭазаара далҵхьеит. Иаарласны, лан, Севги Хәынџьааԥҳа, Аԥсныҟа лаагара лгәы иҭоуп.

"Аԥсныҟа смаар срыцҳахон. Сара сыгәҭакы ахьынаӡаз даараӡа сеигәырӷьоит, минуҭкгьы сахьымхәыц. Адгьыл еснагь иҳалалуп, уи иқәынхо ауаа ҳақла иазнеир", — ҳәа лажәа хлыркәшеит Суреиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0