Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
Аԥсадгьыл иацу агәыбылра, ахьаагара, аԥсыуак иԥсы ҭанаҵы дахьыҟазаалакгьы ицуп. Ирҳәоит, "ҳаԥхыӡ иалаз лабҿаба ишԥаҳбеи"- ҳәа аԥсуаа. Ҭырқәтәыла инхо Кьечба Сезаи, уи иԥшәмаԥҳәыс Бирсен Абыхәԥҳаи, раԥхьаӡа акәны рҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭааит. Дара рылаԥш ахара инаӡоит, пату, ҳаҭыр рықәуп, рықәрагьы такәы инаскьахьеит. Сезаи ихыҵуеит 88 шықәса, Бирсен 77 шықәса. Дара изларҳәо ала, Аԥсны рыҟазаара рыԥсҭазаара акыр иацнаҵеит.
Сезаи Кьечба, иабдуцәа ирыдҳәало, иидыруа аҭоурых рацәоуп. Иара иаб зынӡа дқәыԥшӡан Ҭырқәтәылаҟа данагоз.
"Сара саб рыцҳа Аԥсны аӡбахә ирацәаны далацәажәон. 16 шықәса ракәын ихыҵуаз АԥснынтәҬырқәтәылаҟа даныӡхыҵуаз. Дыԥсаанӡа иажәа Аԥсны аламҵакәа дцәажәомызт. Дара уахь ихҵәаны имцаӡеит, ҭынхабара ҳәа ауп ишцаз. Шәмааир ҟалом ҳәа иабхәа иԥа дизынарышьҭит. Сабду ихшара наидкыланы дцеит", — дҳацәажәон Сезаи.
Сезаи иабшьҭра Хәажәынтә иқәҵит. Иабду иашьеиҵбы ара даанхеит. Абызшәақәа рацәаны ирдыруан.
"Ҳара ҳҭаацәа аԥсшәа рдыруан, ачерқьес бызшәа рдыруан, аурыс бызшәагь рдыруан. Саби, Қапбаки, Ҟәыбантәи аобласт ахьырҳәоз аԥхьара еиццон. Сара сины акы еилыскаауа саналага, Аԥсны аӡбахә акәын исаҳауаз. Саб ҽыҩҷкәынан, Урыстәыланӡагь дцахьан. Саб Аизиз ихьӡын", — ҳәа азгәеиҭеит абырг.
Сезаи Кьечба Аԥсныҟа иаара насыԥны иԥхьаӡоит. Иабацәа, рабдуцәа рыԥхыӡ иалаз рыԥсадгьыл лабҿаба иахьибаз лакәҵас изааиуеит.
"Анцәа иишаз адунеи ԥшӡа ауп Аԥсны. Сабду Ҭырқәтәыла дынхеит, уаҳа дегьзыхнымҳәит. Саб иан Жьиԥҳан, уи лан Џырԥҳан. Сан Қапбҳауп, уи лан Ҭраԥшьԥҳауп. Аҭраԥшьқәагьы Синоп ҳәа иахьашьҭоу иӡхыҵит. Сара сабдуцәа Аԥсара ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥ аҿы анхара иалагеит. Сара сыбжьы цаны иҟоуп исыхьыз ачымазара иахҟьаны, аха ҳазшаз сиҳәон есымша, Аԥсны сцаны саанӡа акагь сумырхьын ҳәа, сгәаҳәарагь наӡеит", — иҳәеит Сезаи, игәырӷьара ҳәаак амамкәа.
Сезаи иԥшәмаԥхәыс Абыхәԥҳауп, Бирсен лыхьӡуп. Лара лыԥсадгьыл акыр дыхнахит, сгәы иҭоу сҿы исзарҳәом лҳәеит ҳаиҿцәажәара хацыркуа.
"Сара сабду Фаиқ, Ҭырқәтәыла аибашьраҟны дҭахеит. Убри аҟынтә издыруа, Аԥсны иадҳәалоу ажәабжьқәа маҷуп. Саргьы сеизҳауа саналага избаз аԥсуара рацәоуп. Ара иныҟәыжәго аҟара ҳзыҟамҵозаргьы, ҳаԥсуара ҳацныҟәар ҳҭахуп. Ҳара аҭынха даҳгаӡом, ҳгәыла ҳиццаӡом. Сара сан длазуп, аха аԥсуа қыҭаҿы диит, аҷҷаҳәа аԥсшәа лҳәон. Ҳаԥсуара бзиа иаҳбоит, ҳаԥсуаны ҳахьишаз ҭабуп ҳҳәоит", — ҳәа дҳацәажәон 77 шықәса зхыҵуаз ҳџьынџьуаҩ.
Сезаи Бирсени хҩык арԥарцәа рымоуп. Уажәы Аԥсныҟа иаазгаз рыҷкәын Германиа дынхоит.
"Сыҷкәын Аԥсныҟа даахьан уажәаԥхьа. Аԥсны дахьааиз даара игәаԥхеит, деимдеит. Убасҟан иӡбеит ҳиманы даарц. Анцәа ҳазшаз аԥсынҵры шәиҭааит, абзабаа шәымазааит. Хахьшәылаԥшыз уажәраанӡа ҳашԥамааи ҳҳәеит. Еснагь сыԥхыӡ иалаз Аԥсны збеит, исхароузеи?! Ҳачкәын аҩны аргылара игәы иҭоуп ара, хәыҷык димоуп. Иԥшәмаԥҳәыс дҳақьымуп. Ацара аара мариахеит, ҳацәгьа ҳабзиа еилоуп, Анцәа иҳанаиргӡааит. Сахьынаԥшааԥшуа избо сгәы иахәоит. Амҩан аӡәы дсықәшәар, саангылан сиазҵаауеит: "Узусҭада, уаԥсыуоума?"-ҳәа. Аԥсышәала аҭак ансаҳалак, даара сгәы иахәоит. Аԥсуара бзиа избоит, аԥсуа бзиа дызбоит. Еҳ, сышықәс сиааиуеит ҳәа, схьамԥшкәа Аԥсныҟа саауан. Сара сгәы иҭоу зегьы сҿы исзарҳәом. Аԥсны ҳазлатәылауаҩу ала ашәҟәқәа ҳауит. Хгәы-ҳаԥсы иадкыланы ҳхынҳәуеит Ҭырқәтылаҟа. Аҿар рыԥсадгьыл ахь иаароуп, анкьеиԥш аԥсуаа рыла иҭырҭәаахароуп Аԥсны. Ас шәыбзианы шәахьаҳбаз ҳгәы иахәеит!, — лгәырӷьажәабжь нҵәара амамкәа дҳацәажәон Абыхәԥҳа.
Ҳџьынџьуаа Аԥсны рыҟазаара иалагӡаны, араионқәеи, ақыҭақәеи ирҭааит, рыжәлантәқәа, рыуаажәлар рбеит. Ргәырӷьара ҳәаак амакәа ихынҳәуеит Ҭырқәтәылаҟа.