Ҳаибашьцəа аиаҳəшьара, анра рзызуаз афырԥҳәызба Биргиуль Чуазԥҳа лҭоурых

© Foto / Предоставлено Октаем ЧкотуаБиргиуль Чуазԥҳа
Биргиуль Чуазԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳџьынџьуаҩ, Леон иорден занашьоу Биргиуль Чуа (Чуазԥҳа) Шьааҳин лҭоурых ажурналист Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Биргиуль Чуазԥҳа диит Ҭырқəтəыла, Сақариа ақалақь аҿы. Лара лабшьҭра хылҵшьҭрала иаамсҭацəан, Мцазҭоу (уажәы Мацеста ҳәа иахьашьҭоу - аред.) ҵаҟатəи аӡиас лбаарҭа ақыҭа рымпыҵакын. Аԥснынтə Ҭырқəтəылаҟа ахҵəара зықəшəаз лабду иаб Шьааҳин ихьӡын. Анаҩс абду ихьӡ жəлас ирхырҵеит Ҭырқəтəылаҟа иахьнанагаз, ус рыҩуан адокументқəа рҿы. Биргиуль аҭоурых дазҿлымҳан, уи аҭҵаара лусқəа раԥхьа илыргылон. Аԥсны аибашьра ианалага, уи акəхап лгəы рҭынчны Ҭырқəтəыла даанызмыжьыз.

Аԥсадгьыл – уахьиз акәӡам, угәеисыбжь ахьго ауп

Биргиуль Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра анцоз аамҭазы Ҭырқəтəылантəи Аԥсныҟа журналистк лаҳасаб ала иааз, анаҩс аибашьратə мҩа фырхаҵарыла ианысыз Биргиуль Чуа (Чуаз) лгəалашəара ҳажəлар ргəаҵаҿы наунагӡа иаанхоит. Хаҭала дызыруаз, лыуаҩра ахə ҳаракны изшьо Оқтаи Ҷкотуа иазгəеиҭоит Биргиуль Чуазԥҳа лҟазшьа аҷыдарақəа.

"1992 шықəса рзы Аԥсуа-абаза жəлар рконгресс Лыхны ианеиза, Ҭырқəтəылантəи иааз аделегациа дрылан Биргиуль Чуазԥҳа. Усҟан, Ҭырқəтəыла иҭыҵуаз "Нарҭаа рыбжьы" захьӡыз ажурнал аҿы аибашьцəа ирызкны анҵамҭақəа анылҵарц, Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқəа алырбарц хықəкыс илыман. Араҟа аҭагылазаашьа анылба дымцаӡеит, Аԥсны даангылеит", - ҳəа азгəеиҭоит Оқтаи Ҷкотуа.

© Foto / Предоставлено Октаем ЧкотуаБиргиуль Чуазԥҳа Ҭырқәтәылантәи еибашьра иааз ҳашьцәа рыгәҭа
Ҳаибашьцəа аиаҳəшьара, анра рзызуаз афырԥҳәызба Биргиуль Чуазԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Биргиуль Чуазԥҳа Ҭырқәтәылантәи еибашьра иааз ҳашьцәа рыгәҭа

Биргиуль Чуазԥҳа лхы-лгəаҟынӡа иналгон Аԥсны зҭагылаз аибашьра хлымӡаах, илбон ҳаибашьцəа ирхыргоз аџьамыӷəа цəгьа. Уи акəхап агəаӷьреи ахдырреи аарԥшны лашьцəа дызрывагылаз.

"Ҭырқəтəылантəи еибашьуаз аҷкəынцəа еиҳараҩык Шамиль Басаев игəыԥ иаламзи, ларгьы уи агəыԥ ашҟа дцеит. Убри нахыс иахьцоз дрыццон, дрыцаауан, медиаҳəшьас дрыцын, анра рзылуан. Жьҭараамза нахыс ҳара ҳаибашьцəа злахəыз ажəыларақəа зегьы рҿы дыҟан. Шроматəи ажəылара далахəын, анаҩс Мрагыларатəи афронт ахь Кəачара ахы ианақəиҭыртəуаз уахь дрыццеит, Ҷлоу ианыҟаз уахьгьы дыҟан. Аҵыхəтəаны Аҟəа ахы ианақəиҭыртəуаз "Гроза" агəыԥ дацноуп ажəылара дшалахəыз", - иҳəеит Ҷкотуа.

Аибашьра анцоз аамҭазы Биргиуль Чуазԥҳа лыԥҳацəа хҩык Ҭырқəтəыла лаҳəшьеи лани ирызныжьны ауп Аԥсныҟа дшааз. "Аԥсны Ахақəиҭра азаагароуп уалс иҳаду" ҳəа ԥхьаӡаны, гəыҩбарак ҟамҵакəа амцара шыра дналагылеит.

"Дхаҵамԥҳəысын, ииашаҵəҟьаны иаҳҳəозар. Ҭырқəтəыла даныҟазгьы, асоциалисттə гəаанагара лыман азы, уи аҩыза апартиақəа рҿы, ахеидкылақəа рҿы хацəнамырха дықəԥон, аҟазшьа ҷыда змаз ԥҳəысын, "сус иалам, сара исылшарызеи" ҳəа днасҭханы дгыломызт. Аибашьра аамҭазы Ҭырқəтəылантəи напык азна иҟаз аҳəсахəыҷқəа дырхыԥхьаӡалан. Ижəдыруеит ацара-аарақəа шыуадаҩыз усҟантəи аамҭазы", - ҳəа азгəеиҭоит Оқтаи Ҷкотуа.

© Foto / Предоставлено Октаем ЧкотуаБиргиуль Чуазԥҳа жьҭаарамза инаркны имҩаԥысуаз ажәыларақәа зегьы дрылахәын
Ҳаибашьцəа аиаҳəшьара, анра рзызуаз афырԥҳәызба Биргиуль Чуазԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Биргиуль Чуазԥҳа жьҭаарамза инаркны имҩаԥысуаз ажәыларақәа зегьы дрылахәын

Биргиуль Чуазԥҳа аибашьра анеилга лхəыҷқəа рыхҩыкгьы Аԥсныҟа иаалгеит. Аҟəа ақалақь уадак аҿы инхон аамҭаказы, нас Лӡаа аҩны анлырҭа, уахь диасит, уа анхара лҽазылкит. Уажəы лара лыԥҳацəа руаӡəк уа дахылаԥшуеит.

"Биргиуль лыԥсҭазаара далҵит 1999 шықəса рзы. Ара аблокада аамҭазы, ишыжəдыруа еиԥш, ахныҟəгара уадаҩхеит. Лара лаагарҭа ҳəа акгьы ыҟамызт, хҩык лхəыҷкəа дрыдхалеит, иҟалҵагəышьоз, Москва усурҭак анылзырыԥшаа, Мумҭаз Ашамбеи, Сезаи Папбеи уахь иҟан, уахь дцеит", - иҳəеит Ҷкотуа.

Махмуд Кушьба - Sputnik Аҧсны
Маҳмуд Қәышьба: ажәыларақәа рахь ҳанцоз ҳалахь еиқәны амҩа ҳақәломызт

Оқтаи Ҷкотуа игəалаиршəоит Биргиуль Москва даныҟаз иаалышьҭуаз ашəҟəқəа, цхыраараак анылҭаххалак, адырра илҭон.

"Ашəҟəы лыҩуан, лыгəҭыхақəа анылҵон... Даара агəаҟрақəа лхылгеит, амамзаара лхылгеит, ауадаҩрақəа дырҭагылан, аха лҭагылазаашьақəа зегьы рҿы илҳəаӡомызт. Саргьы џьара документк аиқəыршəара егьи уҳəа слывагылан, аматериалтə цхыраара ҳзыҟаҵомызт. Лыԥшəмеи лареи еилыҵхьан азы, зны-зынла лышəҟəаҿы ус лҳəалон: "Еҳ, Оқтаи, абыржəык схəыҷқəа ныҟəызго дызбар сиццон", - ҳəа длафуан. Абарҭқəа зегьы ирыхҟьазар акəхап лчымазарагьы", - дҳацəажəон Оқтаи Ҷкотуа.

Биргиуль Чуазԥҳа лыԥсҭазаара далҵит Москва ақалақь аҿы. Лыԥсы злаз Аԥсны анышə дамардартə изыҟамлеит, аҳəаа дырзахымгаӡеит, Ҭырқəтəылаҟа дганы анышə дамардеит.

"Аԥсны аибашьра иалахəыз лара дыззымдыруаз уаҩ дыҟамызт. Аԥсны Афырхаҵа Мирод Гəажəба есымша иааигəа дыҟан, даара бзиа дибон. Аибашьцəа Ҭырқəтəылантəи дахьааз илыхӡыӡаауан, пату лықəырҵон. Биргиуль еицырдыруаз уаҩын, аринахысгьы дфырԥҳəысны аҭоурых дазынхароуп, ҳдиаспора рыхьӡ ҭызгаз лоуп, ишлыхəҭоу еиԥш лҳаҭгəын аҭыԥ иқəҵатəуп, аԥсуа бираҟ ахаргылатəуп", - ҳəа азгəеиҭоит Оқтаи Ҷкотуа.

© Foto / Предоставлено Октаем ЧкотуаЛеон иорден занашьоу Биргиуль Чуазԥҳаи Аԥсны Афырхаҵа Мирод Гәажәбеи
Ҳаибашьцəа аиаҳəшьара, анра рзызуаз афырԥҳәызба Биргиуль Чуазԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Леон иорден занашьоу Биргиуль Чуазԥҳаи Аԥсны Афырхаҵа Мирод Гәажәбеи
Аԥсуа еибашьцəа рыхəра ҿазҳəоз, аиаҳəшьареи анреи рзызуаз, афырԥхəыс Биргиуль Чуа (Чуазԥҳа) лыхьӡ Аԥсны аҭоурых наӡаӡа иазынхоит. Лгəалашəара аҿаԥхьа ҳхырхəоит. Лгəазхара илзымбаз Аԥсны Аиааира нагӡара ақəзааит! Уаҳа ари адгьыл аҿы икамҭəааит ашьа, ҳаԥсадгьыл аизҳазыӷьара амҩа ианызааит. Нырцəи-аарцəи ҳəа еиҟəшахаз ҳауаажəлар рыҩнду Аԥсны ԥшӡа еиднакылааит!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0