Аԥсадгьыл – уахьиз акәӡам, угәеисыбжь ахьго ауп

© SputnikАаишьагиуль Ашәԥҳа
Ааишьагиуль Ашәԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра анцоз, хашҭра зқәым хҭысны иҟалеит, арԥарцәа инарышьҭарххны, Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахьчара иааз ԥшьҩык аҭыԥҳацәа рыгәаӷьра. Изусҭцәада урҭ?

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсадгьыл аҿаԥхьа ауалԥшьа анагӡаразы, рабдуцәа рџьынџь дгьыл аиқәырхаразы Аԥсныҟа амҩа иқәлеит аҳәаанырцә инхо аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа. Еиҳа ианаҭахыз, еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы,  ашәарҭареи агәаӷьреи зцыз, аибашьра аамҭа шыра ҳаналагылаз аамҭазы. Усҟан, ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа инарыгӡон руалԥшьа. Ҳҭагылан аҽеидкылара аамҭа.

Баҳадыр Абаӷба - Sputnik Аҧсны
Зыԥсадгьыл зыԥсы аҿҳәараз Баҳадыр Абаӷба

Аибашьра анцоз, хашҭра зқәым хҭысны иҟалеит, арԥарцәа инарышьҭарххны, Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахьчара иааз ԥшьҩык аҭыԥҳацәа рыгәаӷьра. Изусҭцәада урҭ?

Ашьхарааԥҳацәа Елифи Фигени, Ашәԥҳа Ааишьагиуль,  Жьиԥҳа  Зелиҳа.

Ашьхарааԥҳа  Елиф илхыҵуан 19 шықәса, Ашьхарааԥҳа Фиген 21 шықәса,  Жьиԥҳа Зелиҳа 20 шықәса, Ашәԥҳа Ааишьагиуль 23 шықәса.

Ҭырқәтәылантәи арҭ аҭыԥҳацәа Аԥсныҟа раара шыҟалаз ахҭыс ҳзеиҭалҳәеит Ҭырқәтәыла сара хаҭала исықәшәаз Ааишьагиуль Ашәԥҳа.

"Аибашьра ианалага аҽны инаркны ажәабжь хлымӡаах ҳаҳауан усгьы.  Аха, ҳҩыза Ефқан Цыба,  аибашьраҿы иҭахара, абомба ааҳаларыжьызшәа ҳцәа ҳҭанарӡыӡааит. Ефқан  дҭахеит Ноиабр 3 рзы. Ноиабр 6 рзы Адаԥазар ақалақь Џьгьарда ақыҭан анышә дамардеит. Аԥсыжра анаҩс, сҩызцәеи сареи сыҩны ҳаизаны, Аԥсны еибашьуаз ҳҩызцәа зныз авидеонҵамҭақәа ҳрыхәаԥшуан. Ефқан, уа ус иҳәалон: "Цхыраара ҳәа акыр шәзыҟаҵозар, шәхы шәамеигӡан, хьӡыда ҳаҟазар аиҳа, хаҵарыла ҳҭахар еиҳа еиӷьуп", – ҳәа.

Ҳџьынџьуаҩ Биргиуль Чуазԥҳа лакәзар, "Аураашьа ианыкәашало ҳарԥарцәа, анапеинҟьаразы џьоукы аҭаххоит", – лҳәалон.

Ажәакала, ҳҩызцәа зегьы еибыҳәаны иҟазшәа,  ирҳәоз акакәын: "Ҳаԥсадгьыл ҳазҿлымҳазароуп, излаҳалшо ала, аус аауроуп, ҳаԥсы ахҭнаҳҵароуп".

"Уахык зны, абри акассета ҳаиҭанахәаԥш анаҩс иаԥшьаҳгеит Аԥсныҟа ҳазлацашаз азхәыцра. Мчыбжьык ала ҳҽеиқәҳаршәеит. Иҳамаз ахьымаҭәеи, аҩнымаҭәеи ҭиины, аԥарагьы ԥсахны, Аԥсныҟа амҩа ҳақәлеит. Ҳҩыза, Ефқан Цыба, дҭамхазшәа ҳааҟалеит. Ҳгәы ахьаагьы деит. Аԥсныҟа ҳшаауаз аӡәгьы иаҳамҳәаӡеит.  Ҳҭаацәа ираҳар ҳҭахымызт, ҳаармышьҭыр ҳәа ҳшәон.  Уаҵәы амҩа ҳақәлараны уахеиԥш, Жьиԥҳа Зелиҳа,  аиҳәшьцәа Ашьхарааԥҳацәа рахь дцеит. Сара сашьцәа еилыркаар ҳәа сшәан аҩны саанхеит.  Ауха, смыцәакәа сҷаԥшьап сҳәан, аха иамуит. Ҳусқәа ҳшырҿыз сааԥсазар акәхап, самхацәеит. Санааԥш, шьыжь ҟалахьан. Ҳазгараны иҟаз автобус  жәа-минуҭк сагхеит. Ашьшьыҳәа сшәырақәа аашьҭыхны сдәықәлеит.Аанҿасырҭаҟны саннеи, сҩызцәа цахьан. Аха, изулак, таксила сҽырхьысыгӡеит. Аҳаиртә баӷәазаҿы ҳаннеи, Беқьыри, Иульқьиуи Ашәаа, ҳара иаҳзыԥшны игылан. Беқьыри ҳареи Аԥсныҟа ҳаицаараны ҳаҟан, аха хырԥашьа змамыз усқәак рымшала, аамҭала даанкылар акәхеит", – илгәалалыршәоит Ааишьагиуль.

© Sputnik Сырма Ашәԥҳа лархив аҟнытәАҭыԥҳацәа аибашьраҿы
Аҭыԥҳацәа аибашьраҿы - Sputnik Аҧсны
Аҭыԥҳацәа аибашьраҿы

Иульқьиу  Ашәԥҳа лашьцәа аҩыџьагьы Беқьыргьы, Алигьы,  Аԥсны еибашьуан. Лара лакәзар, илгәалалыршәоит аҭыԥҳацәа Аԥсныҟа ианаауаз атәы:

"Маӡалаҵәҟьа, аӡәгьы изымдыруа, ԥара хәыҷқәак еидкыланы, ҳҩызак лыхьӡала  асалам шәҟәы ҩны,  ицеит Аԥсныҟа. Уаҟа иазгәаҭан уалхәыҷқәак шрықәу, илызшәоны дҟалозар илшәарц. Иламҳәакәа иахьцаз, лгәы иалылмырсырц… Сара еиқәырханы исымоуп уи асалам шәҟәы, лассы-лассы ҳаԥхьалоит", – дҳацәажәон Иульқьиу.

Аҳаирбаӷәазаҿы арҭ аҭыԥҳацәеи, Аԥсныҟа еибашьра иаауаз Осман Ашамбеи еиқәшәеит. Раԥхьаӡагьы иара  уброуп иахьеибадырыз, Аԥсны аҳәааҟынӡагьы еицааит.

"Сара Аԥсныҟа сызлацара амҩагьы сыздыруамызт. Аибашьра ианалага ҩымз раҟара ааҵуаны, сдәықәлеит. Сҭампыл аҳаиртә баӷәазаҿы сшыҟаз, ҭыԥҳацәақәак аасыдгылеит,  Аԥсныҟа ҳцоит ҳәагьы насарҳәеит. Даара иџьасшьеит, ирзымдыруаз џьысшьан, ирасҳәеит Аԥсны аибашьра шцоз. "Мап, ҳара ҳцароуп, ҳдокументқәагь еиқәҳаршәахьеит", – рҳәеит.  Абасала, ҳаицны Шәачанӡа ҳааит, уантә иаҳаулак Аԥсны", –игәалаиршәоит Осман Ашамба.

Аԥсадгьыл ацәыӡра иацу ахьаа здыруаз аԥсуа хылҵшьҭра Зиуар Чычба

Аҭыԥҳацәа Аԥсныҟа раара ахҭыс Ҭырқәтәыла зегьынџьара ираҳаит. Агазеҭқәа рҿы рыӡбахә рҳәон, рсахьақәа анырҵон. Ирызхамҵоз ахҭыс иақәшәеит урҭ рҭаацәагьы. Сҭампыл ақалақь Ааишьагьиуль Ашәԥҳа лан Суна Қаԥшьԥҳаи сареи ҳаицәажәараҿы иазгәалҭеит:

"Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа анҳаҳа, ҳшьара ҳақәҟьеит, даара игәнаҳгеит. Ҳхәыҷқәагьы адунеи иамкуа рхы рбон. Аха, ииашаны, ус ргәаӷьуеит ҳәа ҳаҟамызт. Сыԥҳа, ахаан имҳәакәа агәыларагьы дшымцоз, Аԥсны аибашьра анцоз аамҭазы, даҳмазҵаакәа, лашьагьы иамҳәакәа, лҩызцәа дрыцны уахь днеит.  Ирыхьуаз ҳаздыруамызт, цәгьа гәырҩас иҟаҳҵеит. Раԥхьа схаҿы иааиз, џьара қырҭуак дырԥыланы, ирзымдыркәа, ҳара ҳаԥсацәоуп ҳәа рҳәар ҳәа сшәон. Анцәа илԥхала, ламыс цқьала ихынҳәны иааит. Аԥсныҟа ианнеиуаз, сара Бурса сашьа иҿы ҳаҟан саҳәшьеи сареи. Сыԥшәма аҭел ҟаиҵеит снеиаанӡа уа шәыҟаз  ҳәа. Уи ҳаизыԥшын. Дшааиз еиԥш, "быԥҳа  дцеит" иҳәеит. Ҩнра дцаз џьысшьеит азныказы,  аха агәра сымгеит. Нас иҟаз аиаша сеиҳәагәышьеит. Анаҩстәи сҭагылазаашьа  аиҭаҳәара уадаҩуп. Аибашьраҿы иҭахаз Ефқани лареи ԥсык еицырхан, еиҩызцәан, еицрызҳаит.  Иԥсра гәыхьс иҟалҵеит", – лылаӷырӡқәа ддырцәажәомызт Ааишьагьиуль лан, Суна Қаԥшьԥҳа.

Арҭ аҭыԥҳацәа, Гәдоуҭа ахәышәтәырҭаҿы ихәны иҟаз рҩызцәа ирыдтәалан. Ус, Ҭырқәтәылантәи рҭаацәа рышьҭаланы иаауа иалагеит. Шәгьежьыроуп, иҟашәҵаз иашам, шәҩызцәа хьаас шәхы рышәҭоит ҳәа рабжьыргон.

© Sputnik Сырма Ашәԥҳа лархив аҟнытәАмедиаҳәшьа ахәы дҿалҳәоит
Амедиаҳәшьа ахәы дҿалҳәоит - Sputnik Аҧсны
Амедиаҳәшьа ахәы дҿалҳәоит

 

Убас, ҩымз еибарххон. Ашьҭахь, ҳаиҳабацәа тәамбарыла ҳрызныҟәарым  рҳәан, ишхьааргоз Ҭырқәтәылаҟа ихынҳәит. Урҭ,  Аԥсныҟа раара аҵкыс, Ҭырқәтәылаҟа ацара рцәыуадаҩхеит. Дара изларҳәо ала, уа ианнеи рыԥсҭазаара ҵакыдахеит. Убасҟан ауп ианеилыркаа, Аԥсадгьыл уахьиз акәымкәа, угәеисыбжь ахьго шакәу.

Аиааира амш ныҳәа Ааишьагьиуль Ашәԥҳа лзы иԥшьоуп. Лхәыцрақәа деимаркуа, илеиҩлыжьхьаз аамҭа цәгьа ихьааго, ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭа, абас еиԥш еиқәылҳәалеит:

"Сара сзы Аиааира амш, Аԥсныҟа санца, Аԥсныдгьыл раԥхьа сшьапы анықәсыргыла амш ауп", – ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0