Аисель Агрԥҳа: Шьамтəыла сынхоны схаҿгьы исзаагом

© Foto / предоставлено Аисель АгрбаАисель Агрба
Аисель Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сахьалеи гəаҭалеи иԥшӡоу Шьамтəылантəи иааны зыԥсадгьыл аҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Аисель Агрԥҳа длыҿцәажәеит ажурналист Сырма Ашəԥҳа.

Сырма Ашəԥҳа, Sputnik

Ҳазҭагылоу аамҭазы агəахəара ду унамҭарц залшом аҳəаанырцəынтəи зҭаацəа ирыцны наунагӡа зџьынџь дгьыл ахь нхара ҳəа иааз аҿар рыӡбахə ануаҳауа. Аҭыԥантəи рҩызцəеи дареи рҳəоу еиқəшəаны, ахəыҷбаҳчақəеи ашколқəеи рҟны арҵаҩцəеи ааӡаҩцəеи ирыбзоураны рхатəы бызшəа рҵоит, уи ҳəарада аԥсҭазаараҿы даара анырра бзиа рнаҭоит. Убас еиԥш, хатəгəаԥхарала ҳџьынџьуаа рынхарҭа ҭыԥқəа санырҭаауа ыҟоуп, срыҿцəажəоит аиҳабацəа, иара убас рыхшара. Уимоу, иҟоуп ахəыҷқəа рҭаацəа аҭырџьманра анырзыруа, уи сусура акыр иацхраауеит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, Шьамтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь зҭаацәа зманы ихынҳәыз Дани Агрба дынхоит Гәылрыԥшь араион Маҷара аҳаблаҿы. - Sputnik Аҧсны
Дани Агрба: аҭоурыхтә аамҭа ҳазҭанаргылаз рацәоуп, алҵшьа ҳақәшәароуп

Убас еиԥш, ааигəа ссасны сызҭаз Аграа рҭаацəара рыхшара акыр иҿырԥшыгоуп, акыр сыхнахит раԥсшəаҳəашьа, рхымҩаԥгара. Раб сиҿцəажəонаҵы, ҿымҭкəа иҳадтəаланы иаҳзыӡырҩруан, аиҭагара аганахьала џьара ак ҳҭаххар, иҳацхраауан. Аиҳəшьцəа реиҳабы Аисель лакəзар, зегьы азҿлымҳара рылҭон, лхаҭа дызхасазҵаауаз рацəан, лыԥси-лыԥси еихьымӡо дгəырӷьаҵəа иазгəалҭон Аԥсныҟа лҭаацəа дрыцны нхара ҳəа раара залыршамхар, Шьамтəыла лыԥсҭазаара лхаҿы ишылзаамгоз. Лхəыцрақəа дыргəыларԥшуа лҿанаалха, ҳаҭыр зқəу аԥхьаҩцəа, шəара шəҿынӡагьы лыбзарӡы назгарц сҭаххеит.

"Сара аашықəса ракəын исхыҵуаз Аԥсныҟа санааз. Аԥсшəагьы аурысшəагьы ак сыздыруамызт, араб бызшəа ада. "Иҭабуп", "Аԥсны", "аԥсуа" - абас еиԥш иҟаз аԥсышəала имариаз ажəақəа сҳəон, избанзар саб Шьамтəыла ҳанынхоз исирҵахьан. Ҳара ҭаацəала Аԥсныҟа ҳанааз, ӡынран, ҳаԥсадгьыл аԥшӡара атəы зҳəоз асахьақəеи ажəабжьқəеи саб иеиҭаҳəамҭақəа рыла иаҳдыруан, схəыҷын, аха агəра ганы сыҟан ишысгəаԥхоз", - абасала ҳаиҿцəажəара ҳацҳаркит Аисели сареи.

Аисель Агрԥҳа Баграт Шьынқəба ихьӡ зху Аҟəатəи актəи абжьаратə школ аҟны аҵара лҵон, ахəбатəи акласс аҿы ддыртəеит. Лара излалҳəо ала, даара илцəыуадаҩын аҽаршьцылара, уаҩ длыздыруамызт, абызшəа лызҳəомызт, аха аамҭа цацыԥхьаӡа иубарҭан аҭагылазаашьа абзиара аганахьала аҽшаԥсахуаз.

Џьамал Ажәанба - Sputnik Аҧсны
Џьамал Ажәанба: амшын аҟынтә шәнапы неиҵышәхыр шәыӡхызгаша аӡә дҟалап рҳәон ҳаиҳабацәа

"Сҩызцəа зегьы сџьашьаны исыхəаԥшуан, дареи сареи бызшəала ҳахьзеилыбамкаауаз ҳаицəыхаразшəа сзааиуан. Хəыҷы-ҳəыҷла абызшəақəа рҵара салагеит, анаҩс избарҭахеит сҩызцəеи сареи аԥхарра шҳабжьалаз, агəрагьы згеит, сҿаԥхьагьы ахықəкы ықəсыргылеит абызшəа адырра шхымԥадатəиу. Аурысшəа еиҳа имарианы исыцааиуан, аԥсуа бызшəа аҵаразы иҷыдоу акурсқəа сырхысуан, Анцəа иџьшьаны, қəҿиарала 11-тəи акласс асыркит", - ҳəа азгəалҭеит Аисель Агрԥҳа.

Аисель иаҳəшьаки иашьаки лымоуп. Урҭгьы лара дызҭаз ашкол аҿы аҵара рҵон. Лаҳəшьа хəыҷы ҿыц ашкол ахь данца, даара ахаҵгылара лырҭон, лурокқəа рыҟаҵара илыцхраауан, џьара аӡəы диргəаар руӡомызт, абаагəареиԥш илыдгылан.

"Сашьа ажəбатəи акласс даналга ашьҭахь, асахьаркыратə ҵараиурҭа дҭалеит, қəҿиаралагьы далгеит. Сара афилологиатə факультет алысхит, Аԥснытəи аҳəынҭқарратə университет аҿы аҵара сҵоит. Даара сҩызцəеи сареи ҳаинаалоит. Аиаша шəасҳəоит, Аԥсны сара сзы ихазыноуп, убас еиԥшҵəҟьа сырзыҟоуп аԥсуаа. Шьамтəыла ҳаныҟаз саб иаҳзеиҭаиҳəалоз ажəабжьқəа лабҿаба ҳрықəшəаҵəҟьама ҳəа агəра анысзымго ыҟоуп", - лгәы хыҭхыҭуа дҳацәажәон Аисель Агрԥҳа.

© Foto / Сырма АшубаАисель Агрԥҳа лҭаацәеи лареи
Аисель Агрԥҳа: Шьамтəыла сынхоны схаҿгьы исзаагом - Sputnik Аҧсны
Аисель Агрԥҳа лҭаацәеи лареи

Ауаҩытəыҩса иԥсҭазаара аԥхыӡ еиԥш ианымҩасуа ыҟоуп. Аисель лҿырԥшала иубарҭоуп, агəрагьы угоит угəыӷрақəа анынаӡо еиҳау насыԥ шыҟам.

"Сара саб Аԥсадгьыл ахьчара дахьалахəыз сгəы дууп. Урҭ ртəы зҳəо асахьақəеи ианашьоу аҳəынҭқарратə ҳамҭақəеи лассы-лассы ицəырганы ҳрыхəаԥшуеит, ҳаҟара ҳацнаҵоит. Сабгьы игəы иахəоит ус ҳхы анымҩаԥааго. Сан дарабуп, аха саб иалихыз амҩа дацəхьамҵӡеит, лхы анрааланы, дарӷьажəҩаны дивагылоуп. Маҷара ҳахьынхо ҳгəылацəеи ҳареи ҳаизыразуп. Сан араб чысқəа рыҟаҵара бзиа илбоит, ҳгəылацəа еснагь агьама дҳарбоит, даргьы бысҭак рур, ҳхəы аарҭиуеит. Аԥсуа чысқəа рыҟаҵашьа аҵара саҿуп, ҭаацəала бзиа иаҳбоит", - лҳəеит Аисель Агрԥҳа.

Аисель Агрԥҳа излалҳəо ала, лыжəлантəқəеи дареи аимадара рыбжьоуп, аҵара ахьылҵо ауниверситет аҿы еиҳагьы еибаԥшааит, лассы-лассы еибабоит. Аисель ҟазшьала даара еилыҷҷоу, зегьы рдырра иашьҭоу аӡə лоуп. Ауаа рацəажəара, рабадырра бзиа илбоит.

"Ауаҩытəыҩса шаҟа гəыла-ԥсыла бзиа дубо, убриаҟара уаргьы ҩнуҵҟала улашоит. Дара рызегьы еиуеиԥшым - дыҟоуп аӡəы хьаала иҭəу, дыҟоуп гəырӷьарыла имҩасуа. Убарҭ зегьы рҭагылазаашьа еилкааны уанрывагылоу, ухаҭа уамеигəырӷьарц залшом", - ҳəа азгəалҭоит Аисель Агрԥҳа.

Аисель Агрԥҳа, Аԥсныдгьыл лара лҭоурыхтə ԥсадгьылны илыԥхьаӡоит, Шьамтəыла акəзаргьы, зымҩа инлыжьуам, избанзар уаҟа диит, лхəыҷра ашықəсқəа уаҟа илхылгеит.

Бассиль Ванача - Sputnik Аҧсны
Бассиль Уанаҿа: схәыҷаахыс Аԥсны аӡбахә ала сааӡан

"Сара сабдуцəа рабдуцəа араҟа анышə иамадоуп. Сара урҭ ирхылҵыз аӡə сакəны Аԥсны сынхартə сахьыҟалаз Анцəа ҭабуп ҳəа иасҳəоит. Убас еиԥш, сан, ҳара ҳаԥсадгьыл Аԥсны шакəыз еилкааны, адгылара ахьҳалҭаз лҿаԥхьа схырхəоит. Сан лҭаацəара дууп, дара ԥшьҩык аишьцəеи, ԥшьҩык аиҳəшьцəеи ыҟоуп. Ианыгəхьаалго, аҭел ала драцəажəоит, аха иҟоуп аимадара аныбзиамгьы. Сан ахаан лылахь еиҵымхкəа дҳамбац, еснагь деихаччоит, уи ҳара даара ҳгəы ҭнагоит", - лҳəеит Аисель Агрԥҳа.

Аисель илыбзоураны, Шьамтəыла инхо лҩызцəа Аԥсны аӡбахə рдыруеит, асахьақəа рзылышьҭуеит, агəаҳəара рымоуп Аԥсныҟа аара. Аԥхьаҟа лгəы иҭоуп Аԥсны иазку авидеонҵамҭақəа ҭыхны аинтернет аҭаҵара.

Аисель Агрԥҳа Аԥсны имҩаԥысуа аҿар злахəу аусмҩаԥгатəқəа дрылахəуп. Гəаҭала дшыԥшӡоу еиԥш, дыԥшӡоуп ҭеиҭыԥшлагьы. Аҭыԥҳацəа ԥшӡақəа реицлабра "Королева Абхазии" далахəын, " авице-королева" (раԥхьатəи) ҳəа ахьӡ даԥсахеит.

© Foto / предоставлено Аисель АгрбаАисель Агрба
Аисель Агрԥҳа: Шьамтəыла сынхоны схаҿгьы исзаагом - Sputnik Аҧсны
Аисель Агрба

Убри инаҷыданы, Аисель Агрԥҳа Аԥсны имҩаԥысуа асериалқəа рҭыхрахь ааԥхьара лырҭоит, иара убас амодақəа рырбарахь. Ажəакала, лыԥсҭазаара шəыга ԥшӡала еиларсуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0