Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит

© Foto / Предоставлено Елиф АргунЕлиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит
Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хылҵшьҭрала Ҵабалаа иреиуоу, забацәа забдуцәа амҳаџьырра иахҟьаны Ҭырқәтәылаҟа ихҵәаз, аха зыԥсадгьыл аҿы диртә, дааӡартә разҟыс изауз Елиф Аргәынԥҳа лҭоурых ажурналист Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсыуаҵасла иааӡоу, ахӡыргара злам, зыхшыҩ ҵаулоу, забдуцәа хылҵшьҭрала Ҵабал еиуаз, аха заб  зхьышьҭрахь ахынҳәра зылшаз Елиф Аргәынԥҳа акыр иҭбаауп лдунеихәаԥшышьа, лыԥсадгьыл ахь илымоу агәыбылра, лыгәҭахәыцрақәа. Хымԥада, уи лыларааӡеит лара лҭаацәа, леиҳабацәа, лырҵаҩцәа, иаалыкәыршаны иҟоу аԥсуара иазҿлымҳау зегьы.

Елиф лаб Неџьаҭ Уаасыф-иԥа Аргәын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Ҭырқәтәылантәи раԥхьатәи агәыԥ даланы зыԥсадгьыл ахьчара иааз ҳџьынџьуаа аибашьцәа дыруаӡәкуп, Аԥсны Аиааира агара далахәын, уи анаҩсгьы иԥсҭазаара иабдуцәа рџьынџьдгьыл аҿы ишьақәиргылеит. Инасыԥ ицеиҩылшеит аԥснытәи аҭыԥҳа Мадина Кациаԥҳа. Иахьа урҭ ирааӡоит хҩык ахшара, ҩыџьа аԥацәа Еснаҭи Арноуи рыԥҳа ԥшӡа Елифи.

© Foto / Предоставлено Елиф АргунЕлиф Аргәын лҭаацәа: лан Мадина Кациаԥҳа, лаб Неџьаҭ Аргәын, лашьцәа Еснаҭи Арноуи
Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит - Sputnik Аҧсны
Елиф Аргәын лҭаацәа: лан Мадина Кациаԥҳа, лаб Неџьаҭ Аргәын, лашьцәа Еснаҭи Арноуи

Арҭ аҭаацәара ҷыдала пату сызрықәуп, ҳаибадыруеижьҭеи акрааҵуеит. Аамҭа аанкылашьа амамкәа иқәԥраа ицоит, рхәыҷра амҵәыжәҩақәа рыла инарыҵԥрааны аԥсҭазаара ду амҩа инанылоит иацы ҳара ҳзы ихәыҷқәаз, иахьа ҳгәыӷрақәа здаҳҳәало аҿар. Убарҭ дыруаӡәкуп Аԥсны ииз, иааӡаз, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ қәҿиарала иалгаз, Ҭырқәтәыла иреиҳау аҵараиурҭаҿы аҵара зҵоз Елиф Аргәынԥҳа. Ари аҭыԥҳа акыр дазгәыдууп даԥсыуаны Анцәа дахьишаз, лара дазҿлымҳауп лабдуцәа рҭоурых, илҭахуп аҳәаанырцә инхо аԥсуаа рыԥсадгьыл аҿы инхо-инҵуа иҟаларц.

"Амҳаџьырра аамҭазы Аԥсны, Ҵабалынтә ахҵәара зықәшәаз Феҭқьери Аргәын иоуп. Феҭқьери быжьҩык ахшара ихылҵит. Сабду иабду Ҳасан ԥшьҩык ахшара драбын - ҩыџьа аԥацәеи, ҩыџьа апҳацәеи. Саб иабду Аиуаз ихылҵит ҩыџьа ахшара, сабду Уаасыф, уи иашьа Қьаазым. Уа иахьынхозгьы Мезиҭ ақыҭа Ҵабал ҳәа иашьҭоуп иахьагьы. Сабду Уаасыф хәҩык ахшара драбуп, иашьа Қьаазым ҩыџьа ахшара имоуп", - абас лабдуцәа рышьҭра лгәаларшәауа ҳаиҿцәажәара хацҳаркит Елифи сареи.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга, Елиф лаб иҭаацәеи, иаб иашьа Қьаазым иҭаацәеи иманы арахь нхара иааит. Лабду Уаасыф Аргәын ара идунеи иԥсахит, иабдуцәа рыдгьыл аҿы анышә дамадоуп.

Зџьынџь ахь ахынҳәра зқәашьхаз Неџьаҭ Аргәын иакәзар, иахьа иԥсадгьыл аҿы иҭаацәа рыла ихы-игәы дақәгәырӷьо дыҟоуп, иҵәҩаншьап еихаиҳаит, ихәышҭаарамца еиқәиҵеит. Шаҟа игәадуроузеи ихшара аҷҷаҳәа аԥсышәала ицәажәо рыԥсадгьыл аҿы ихьӡырҳәагақәаны иахьыҟоу! Иԥа Еснаҭ иакәзар, Ҭырқәтәыла иреиҳау аҵараиурҭа архитектортә факультет далгахьеит, аус иуеит Аԥсны. Арноу Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ аҟны аҵара иҵоит, аԥшьбатәи акласс аҿы дтәоуп. Елиф лакәзар, Сақариатәи иреиҳау аҵараиурҭа адәныҟатәи ахәаахәҭреи алогистикеи рфакультет далгеит, лԥышәа аизырҳаразы ҩаԥхьа Ҭырқәтәылаҟа дцарц лгәы иҭоуп, нас хымԥада лыԥсадгьыл ахь дхынҳәуеит.

Мрамза Чкотуа - Sputnik Аҧсны
Мрамза Ҷкәатуаԥҳа: сахьыҟазаалак уалны исыԥхьаӡоит Аԥсынра ахьӡ аҭыгара

"Сара  раԥхьа Сҭампыл аҵара сҵон, аҽазыҟаҵаратә курсқәа рахь сныҟәон. Анаҩс, аӷбақәа амшынтә мҩа русбарҭақәа рҳәаақәҵара иазкыз азанааҭ алысхит, аҩбатәи акурс анасыркы, Сақариатәи ауниверситет ахь сиасит, исзааигәаз азанааҭ ала сҵарагьы хсыркәшеит. Аҵара аӡбахә анысҳәа, ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ари аус аҟны аџьабаа сыдызбалаз Октаи Ҷкотуа, Сонер Гогәуа, иара убас адернеқьқәа реиҳабацәа, иааидкыланы абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны анра, абра сзызуаз Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа зегьы", - ҳәа азгәалҭоит Елиф Аргәынԥҳа.

Ииашаҵәҟьаны, Елиф Аргәынԥҳа лҵара илыдҳәалоу ахырхарҭала азҵаарақәа анлысҭоз, рҭак аҟаҵара дацәыԥхашьауа, ус лҳәеит: "Схы сырҽхәошәа иалымҵааит…" Агәра лсыргеит уи ус шакәмыз, Елифи лареи рҩызцәа рыҿцәажәара ҳара ҳзы ишгәадуроу.

Ҳазҭагылоу аамҭазы, Аԥснынтәи Ҭырқәтәыла аҵара зҵо астудентцәа рхыԥхьаӡара 30-ҩык инарзынаԥшуеит. Урҭ рахьтә Сақариатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы еиуеиԥшым афакультетқәа рҟны аҵара рҵоит 15-ҩык. Елиф Аргәынԥҳа лажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимаздо цҳа ӷәӷәоуп дара. Уи ус шакәу агәра згоит Ҭырқәтәылаҟа изныкымкәа сныҟәарақәа ирыбзоураны.

© Foto / Предоставлено Елиф АргунЕлиф Аргәын Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакраҿы маӡаныҟәгаҩыс аус луан
Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит - Sputnik Аҧсны
Елиф Аргәын Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакраҿы маӡаныҟәгаҩыс аус луан

"Сҭампыл аҵара анысҵоз лассы-лассы уаҟа еиҿкаау акультуратә хеидкылахь (адернеқь) сныҟәон, аԥсуа бызшәа аҵара зҭахыз рзы аурокқәа мҩаԥызгон, Сҭампыл иҟоу Аԥсны ахаҭарнакраҿы (усҟан хаҭарнакс иҟаз Инар Гыцба иакәын) маӡаныҟәгаҩыс аус зуан, иара убас акәашаратә ансамбль "Редада" салан.  Аҿари сареи ҳаибадырит, акыр ҳаилаҵәеит, сара избарҭан рыԥсадгьыл ргәы ишҭоу, бзиа ишырбо", - Сҭампылтәи лажәабжьқәа сзеиҭалҳәон Елиф Аргәынԥҳа.

© Foto / Предоставлено Елиф АргунЕлиф Аргәын Сҭампыл ақалақь аҿы еиҿкаау Кавказ жәлар рыкәашарақәа рансамбль "Редада" далахәын
Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит - Sputnik Аҧсны
Елиф Аргәын Сҭампыл ақалақь аҿы еиҿкаау Кавказ жәлар рыкәашарақәа рансамбль "Редада" далахәын

Елиф Аргәынԥҳа, Сақариаҟа даниасгьы, лҵара инаҷыданы, лҩызцәеи лареи уа инхо ҳдиаспора ирымадан. Даара гәыблыла илгәалалыршәоит Сақариатәи адернеқь аиҳабы Орал Бганба аԥхьа днаргыланы ирхаҵгылаз зегьы рыӡбахә.

© Foto / Предоставлено Елиф АргунСақариа аҵара зҵоз аԥсуа студентцәа иахьеи-уахеи еицын, рҿаҵа еиҩыршон, ҳџьынџьуаа реидкыларазы аусмҩаԥгатәқәа жәпакы еиҿыркаауан
Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит - Sputnik Аҧсны
Сақариа аҵара зҵоз аԥсуа студентцәа иахьеи-уахеи еицын, рҿаҵа еиҩыршон, ҳџьынџьуаа реидкыларазы аусмҩаԥгатәқәа жәпакы еиҿыркаауан

"Сақариа аҵара зҵоз аԥсуа студентцәа зегьы ҩнеихагылак аҟны ҳаицынхон, еснагь ҳҿаҵа еиҩшаны иаҳфон. Бысҭак ҳур, уадак аҿы еицынхоз ҳхала иаҳфаӡомызт, ҭаацәара дук еиԥш аишәа ҳаицахатәон, ус традициас иҳаман. Иазгәасҭарц сҭахуп, аҭоурыхҭҵааҩ Сельчуқ Сымсым шықәсак ахь знык Аԥснытәи астудентцәа зегьы ҳаизганы аԥсуа қыҭақәа рахь ҳшигоз, уаҟа аиҳабацәа-аиҵбацәа зегьы еизон, ҳгәазхара ҳаибабон, ҳаибадыруан, ҳаицәажәон", - илгәалалыршәеит Елиф Аргәынԥҳа.

© Foto / Предоставлено Елиф АргунҬырқәтәыла аҵара зҵо аԥснытәи астудентцәа аԥсуа қыҭақәа рахь есышықәса иргоит
Ҭырқәтәыла аҵара зҵо аԥснытәи астудентцәа аԥсуа қыҭақәа рахь есышықәса иргоит - Sputnik Аҧсны
1/3
Ҭырқәтәыла аҵара зҵо аԥснытәи астудентцәа аԥсуа қыҭақәа рахь есышықәса иргоит
© Foto / Предоставлено Елиф АргунАԥснытәи аҿарацәа Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа иахьырҭаауа ҳашьцәеи ҳареи ҳаимаздо даҽа цҳак ауп
Аԥснытәи аҿарацәа Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа иахьырҭаауа ҳашьцәеи ҳареи ҳаимаздо даҽа цҳак ауп - Sputnik Аҧсны
2/3
Аԥснытәи аҿарацәа Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа иахьырҭаауа ҳашьцәеи ҳареи ҳаимаздо даҽа цҳак ауп
© Foto / Предоставлено Елиф АргунАрҭ аиԥыларақәа раан еиҳаби-еиҵби еибабоит, агәыбылра рыбжьалоит, аҭоурыхқәа ҭырҵаауеит
Арҭ аиԥыларақәа раан еиҳаби-еиҵби еибабоит, агәыбылра рыбжьалоит, аҭоурыхқәа ҭырҵаауеит - Sputnik Аҧсны
3/3
Арҭ аиԥыларақәа раан еиҳаби-еиҵби еибабоит, агәыбылра рыбжьалоит, аҭоурыхқәа ҭырҵаауеит
1/3
Ҭырқәтәыла аҵара зҵо аԥснытәи астудентцәа аԥсуа қыҭақәа рахь есышықәса иргоит
2/3
Аԥснытәи аҿарацәа Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа иахьырҭаауа ҳашьцәеи ҳареи ҳаимаздо даҽа цҳак ауп
3/3
Арҭ аиԥыларақәа раан еиҳаби-еиҵби еибабоит, агәыбылра рыбжьалоит, аҭоурыхқәа ҭырҵаауеит

Арҭ  аиԥыларақәа рҟынтәи Елиф Аргәынԥҳа еиҭалҳәо, угәы зырԥшаауа ахҭысқәа рацәаӡоуп. Убарҭ ирылыскаауеит абри ажәабжьгьы.

"Есмаҳаным ақыҭаҿы ҳара ҳаиҭааит хылҵшьҭрала Ҳәаҭиԥацәа иреиуоу, 90 шықәса инарҭысхьаз Неџьмеҭҭи Агрба ҳәа абырг бзиа. Илымҳа ҽеила иаҳауамызт, саргьы снеины иааигәа снаиватәеит. Аԥснынтә ҳшааз аниарҳәа, илаӷырӡқәа изнымкылауа ус ҿааиҭит: "Сара уажәшьҭа сықәра сфахьеит, иахьа уажәранӡа Аԥсны ахьаа сшабылуаз сынарцәымҩа сықәлар ҳәа сшәон, уажәшьҭа сыԥсыргьы сгәы ҭынчуп, Аԥснынтә сашьцәа шәыбла сҭаԥшит, џьанаҭ сцашт…" - акыр лгәы ԥшаауа дсацәажәон Елиф Аргәынԥҳа. 

© Foto / Предоставлено Елиф АргунЕлиф Аргәын Ҭырқәтәыла, Есмаҳаным ақыҭаҿы 90 шықәса ирҭысхьоу, ари анҵамҭа аус анадааулоз амшқәа рзы зыԥсҭазаара иалҵыз абырг хатәра Неџьмеҭҭи Агрба даниҿцәажәоз
Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит - Sputnik Аҧсны
Елиф Аргәын Ҭырқәтәыла, Есмаҳаным ақыҭаҿы 90 шықәса ирҭысхьоу, ари анҵамҭа аус анадааулоз амшқәа рзы зыԥсҭазаара иалҵыз абырг хатәра Неџьмеҭҭи Агрба даниҿцәажәоз

Ари анҵамҭа ахьынӡеиқәсыршәоз, Елиф ахабар сылҭеит, мышқәак раԥхьа ари абырг хатәра иԥсҭазаара дшалҵыз…

Абас еиԥш аԥсуа қыҭақәа рҿы ирԥылоз аԥсуаа рҳәамҭақәа, аҿар ргәыбылра, Аԥсадгьыл ахь ирымоу ахәыцрақәа Елиф лгәаҵаҿы иԥхаӡа аҭыԥ ааныркылоит. Аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара еиҳагьы ишуныруа хаҭала иԥылшәеит.

"Ҭырқәтәыла аҵара зҵоз сҩыза Ариана Аҩӡԥҳаи сареи Ҳендеқь уахык Аҩӡба Орҳан  ҳисасын. Ауха ҳанааи аҭаацәа реиҳаби ҳареи ҳзеибамбаӡеит. Ашьыжь асааҭ фба шыҟаз ҳашә дасуа далагеит: "Шәсырҿыхоит, аха уаҳа сзычҳауам, шәызбарц сҭахуп, шәылақәа сырҭаԥшырц сҭахуп, уахатәи аҵх шәыҵхык ахалазшәа збоит…" - ҳәа. Иԥҳа ҳаимырҿыхарц шиалҳәозгьы, имуит, ҳаргьы иаразнак ҳҩагылан, аԥсшәа ааиаҳҳәеит, анаҩстәи ҳаицәажәара шаҟа аԥхарра ахылҵыз, шәазхәыц", - абас еиԥш ахаан илхамышҭуа ахҭысқәа ртәы сзеиҭалҳәон Елиф Аргәынԥҳа.

© Foto / Предоставлено Елиф АргунҲендеқь ақыҭа, Орҳан Аҩӡба иҩны
Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит - Sputnik Аҧсны
Ҳендеқь ақыҭа, Орҳан Аҩӡба иҩны

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуааи ҳареи ҳаимадара аус аҟны, жәаҳәарада, аҿар рылша акырӡа аҵанакуеит. Досу иара ихатә лагала ҟаиҵоит. Иара убас, Елифи сареи ҳаиҿцәажәараҟны иазгәалҭеит аԥсуа қыҭақәа ианырҭаауа ажәытә хәмаррақәа шымҩаԥырго. Убарҭ иреиуоуп ампахьшьы хәмарра (ҭырқәшәала - ҳавлу). Сара исыздыруамызт ари ахәмарра аҵакы, уи амаӡа Елиф исзаалыртит.

"Иааикәшаны итәоит зегьы, амҩаԥгаҩ ампахьшьы ырбааӡаны еиқәҳәаланы икуп. Ҩ-хәҭакны еихшоуп агәыԥ. Иаҳҳәап, уажәы ҩыџьа ахьеидтәало, "бызгарц сҭахуп сара сахь" ҳәа даҽаӡәы изҿиҭыр, изызҿиҭыз иааигәа итәоу мап икыр, "дусҭаӡом" иҳәар, мап зкыз агәҭахьы днаганы зегьы ишырбо амҩаԥгаҩ днеины ампахьшьала инапы дасуеит. Убас еиԥш ахәмарра мҩасуеит ампахьшьы ахала иԥытлаанӡа. Ари ахәмарра ҵакыс иамоуп маӡала аӡәы даҽаӡә иахь имоу агәаԥхара аарԥшра. Убас ауп иааркьаҿны ахәмарра  аҵакы, сара излаздыруа ала", - дсацәажәон лхы-лҿы еихаччауа Елиф Аргәынԥҳа.

© Foto / Предоставлено Елиф АргунАҿарацәа анааидтәало ицәырырго ампахьшьы хәмарра
Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит - Sputnik Аҧсны
Аҿарацәа анааидтәало ицәырырго ампахьшьы хәмарра

Елиф Аргәынԥҳа излалҳәо ала, сынтәа Диузџьа иаҵанакуа аԥсуа қыҭақәа рахь ицарц гәҭакыс ирыман, аха иҟалаз ачымазараҿкы аамҭала иааннакылеит. Хымԥада, аамҭа бзиа ҟалар, ҩаԥхьа рныҟәарақәа ирыцырҵоит. Ари аамҭа иалагӡаны имаҷым дара зҭаахьоу аԥсуа қыҭақәа, иаҳҳәозар: Ҳалыбеи иқыҭа (Цхьынара) - ԥсҳәааи ахҷыԥсааи ахьынхо, Есмаҳаным, Дилавер ақыҭа, Аҩӡаа рқыҭа, Ефҭениа ақыҭа, хылҵшьҭрала абзыԥқәа ахьынхо.

Елиф Аргәынԥҳа лҵареи лусуреи раамҭа лҽырхаршәаланы аԥсуаа рынхарҭаҩнқәеи, рқыҭақәеи, рыҿцәажәарақәеи ҭылхуан. Хымԥада, уи наунагӡа аҭоурых иаҿахәҳәаганы инхашт. Хаҭала, Елиф илзеиӷьасшьоит лыгәҭакқәа рынагӡараҿы аманшәалара, аизҳазыӷьара, агәалаҟара бзиа. Аргәынаа рҭаацәа рыԥсадгьыл иқәӷьацааит.

Сгәы иаанагоит, лаб Неџьаҭ аԥсадгьыл ахьчаҩ иаҳасабала изку ажәа аҳәара даҽа нҵамҭак аҳәаақәа аҭагӡарагьы сылшап ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0